Урыстәылатәи аԥшыхәыҩцәа "аӷа" илагер иаалырҟьаны ирымпыҵархалеит

© Foto / пресс-служба ЮВОУчения ЮВО
Учения ЮВО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҷыда-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны ахархәара рыҭан арҭҟәацгақәа ИМ-120, адырраҭаратә ракетақәа.

АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Аибашьратә ҭагылазаашьа еиԥштәны иҟазарц аррамаҵзурауаа рхы иадырхәеит еиуеиԥшым ахархәаагақәа: арԥжәагақәа, адырраҭаратә ракетақәа, 10 нызқь рҟынӡа апатрона ҭацәқәа, икәылӡырку автомашьынақәа "Тигр-М" ҳәа еиҭеиҳәеит Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафиев.

Алагер ҭаҵәахын икарыжьхьаз аргыларақәа рҟны. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ашьхараҿ, абнара аҭыԥқәа рҟны.

Аруаа алагер иакәшаны ирымпыҵархалеит. Ажәылараан "аӷа" шьҭахьҟа дыԥхьацан, алагер адокументқәа анапахьы иааган.

Арратә зыҟаҵарақәа рҿы аруаа еиуеиҧшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳаит, астресстә ҭагылазаашьа аҽазышәара мҩаԥыргеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0