Аламиа агазеҭ "Аидгылара" азы: аҵаки ахықəки мыӡырц сҭахуп

© SputnikГазета Аидгылара
Газета Аидгылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 1989 шықəса рзы ҩ-бызшәак рыла иҭыҵуа иалагеит агазеҭ "Аидгылара". Аԥсышəала иҭыҵуаз агазеҭ редактор хадас даман, ҳазҭагылоу аамҭазы ажурнал "Аԥсны аҟазара" напхгара азҭо Геннади Аламиа. Иара дазааҭгылоит агазеҭ ауаажəларраҿы ҵакыс иамази инанагӡоз ахықəкыи.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Агазеҭ "Аидгылара" редактор хадас даман, ҳазҭагылоу аамҭазы ажурнал "Аԥсны аҟазара" напхгара азҭо Геннади Аламиа. Иара дазааҭгылоит агазеҭ ауаажəларраҿы ҵакыс иамаз, иара убас инанагӡоз ахықəкы.

Людмила Сергьегия - Sputnik Аҧсны
Лиудмила Сергьегьиаԥҳа: "Аидгылара" ҳхақәиҭра иашьаҭахеит

"70-тəи ашықəсқəа ранҵəамҭазы, 80-тəи ашықəсқəа рылагамҭазы аҭагылазаашьа даара ихьанҭан. 1977-78 шықәсқәа рзы СССР маҷк иаҳхаҵгылан, ажурналқəа роума, ателехəаҧшра аума, ауниверситет аума иҟарҵаз рацəоуп, аха "ҳашьцəа" иҳанарыжьуамызт, иааҟəымҵӡакəа аҳəынҵəа ҳақəҭəара иаҿын. Иҭыҵуаз дара ргазеҭқəа ирнылоз иаҧхьоз рхы еиланагон, изамыҧхьоз ртəы хазуп", - ҳəа азгəеиҭоит Геннади Аламиа.

Усҟантəи аамҭазы аизарақəа мҩаҧысуан, афорум "Аидгылара" аус ауан, иҟазар акəын иара аҿахəы зҳəоз акьыҧхьтə ҭыжьымҭақəа, ус азырыӡбеит афорум апрезидиум аҟны. Убри инақəыршəаны ҩгазеҭк аҧсышəалеи урысшəалеи иҭыҵуа рыӡбеит.

"Аҧсышəала иҭыҵуаз агазеҭ сара редакторс сарҭеит, урысшəала иҭыҵуаз редакторс дҟарҵеит Николаи Џьонуа. Аҧсышəала иҭыҵуаз агазеҭ инанагӡаз аус дуӡӡақəа рацəоуп. Иазгəасҭарц сҭахуп, урысшəала иҭыҵуаз агазеҭ иҟанаҵаз, ишьҭыхны уахəаҧшыргьы иубоит, наҟ иркьыҧхьуаз аматериалқəа рҭак ҟаҵамкəа иннажьӡомызт, урысшəалагь уахь иаҧхьон азы зҵаарак нымхаӡеит агазеҭ адаҟьақəа ирнымҧшыз. Даара аус дуӡӡа мҩаҧигеит убасҟан Николаи Џьонуа. Уи анаҩсангьы, аибашьраан иҟаиҵаз рацəаӡоуп, иҵареи, идырреи, иуаҩреи еилаӡҩаны ҧсахшьа змамыз аӡə иакəны дыҟан ", - иҳəеит Аламиа.

Аҧсышəала иҭыҵуаз агазеҭ акəзар, "ицҳауаз" аматериалқəа рацəаны ианын, аполитика инаҷыданы аҧсуара атəы уҳəозар, апатриотизмра инаркны еиуеиҧшым анҵамҭақəа рыла ихаҭəаан.

"Аибашьра аамҭазы аҧсуа жəлар аӡəк еиҧш реидгылара иазыҟаҵатəын, изыдгылоз рдыруазар акəын, насгьы изадгылоз. Убри акəын хықəкыс иҳамаз, иагьҳалшеит ҳəа сгəы иаанагоит. Аибашьра ианалага аҭыжьра ҳаҟəыҵыр акəхеит, мамзар уаанӡа иҭыҵуан агазеҭ. Агазеҭқəа зегьы еизганы шəҟəны иҳазҭыжьуазар ҳəа аус адырулеит аҵарауаа, Аҭҵаарадыррақəа ринститут аҟны Шьазина Џьапуаҧҳаи, аҭоурыхҭҵаарадыррақəа рдоктор Аслан Аҩӡбеи. Сара исырҭеит, сахəаҧшыроуп, аредақциа азутəуп, иҭыҵроуп", - ҳəа азгəеиҭоит Геннади Аламиа.

Агазеҭ "Аидгылара" аредактор хадас иамаз Геннади Аламиа излаиҳəо ала, агазеҭ аус адызулоз ыҟамзар, анҵамҭақəа еидызкылоз ыҟамзар, аредактор ихала иҭижьуа агазеҭ, уи ҭӡы газеҭхоит.

Геннадий Аламиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аламиа агазеҭ "Аидгылара" иазкны: усҟан аофицалтә ҭыжьымҭақәас иҟаз зегьы ҳҿагылан

"Даара аҭакҧхықəра змаз ҭыжьымҭақəан. Зхы иақəиҭыз рпартиа аганахь алоума, даҽа ганкахьалоума, акгьы иахьыҧшымыз Аҧсны аҿыц аамҭазы раҧхьаӡа иҭыҵуа иалагаз газеҭын. Ажəытə, Дырмит Гəлиа ихаан иҭыҵуаз агазеҭ агəаҕьра ацын, ус иҟан ари агазеҭгьы. Араҟагьы Аҧсны аиҳабыра иргəамҧхоз ак ҟалар ҟалон, даҽак ҟалар ҟалон, убарҭқəа зегьы ухахьы иугар акəын, аҭакҧхықəра ду удзар акəын", -иҳəеит Геннади Аламиа.

Агазеҭ "Аидгылара" ҭыҵуан хышықəса инацны, аибашьра аамҭазгьы иҭыҵит номерк. Агазеҭ акырӡа аус ауит, анырра ҕəҕəа ҟанаҵеит. Уи ахьӡ мыӡырц азы, Геннади Аламиа илиршеит ааигəа, алхрақəа рыламҭалазы даҽа хəномерк рҭыжьра "Аидгылара" ҳəа ахьӡҵаны.

"Ҳаҧхьаҟа мызкы ахь знык иҭҳажьуа иҟалар даара ибзиахон. Аибашьра аамҭазгьы иҳахəеит, аибашьра ашьҭахьгьы ҳапроблемақəа рацəоуп, убри аныҧшлароуп. Агазеҭ аҵаки ахықəки мыӡырц сҭахуп", - ҳəа азгəеиҭоит Геннади Аламиа.

Аҭоурых иаҿахəҳəагоу агазеҭ "Аидгылара" ҳажəлар рдоуҳатə ҧсҭазаараҿы, хымҧада аҭыҧ ҷыда ааннакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0