Аԥсуа-адыга диаспора Иорданиа ақырҭуа автор ишәҟәы аӡыргара еиԥырҟьеит

© Foto / Алиас ЕзугбаАԥсуа-адыга диаспора Иорданиа ақырҭуа автор ишәҟәы аӡыргара еиԥырҟьеит
Аԥсуа-адыга диаспора Иорданиа ақырҭуа автор ишәҟәы аӡыргара еиԥырҟьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Давид Маграӡе ишәҟәы "Джакмо Понти" аӡыргара иаҿагыланы аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысит жьҭаара 28 рзы. Ашәҟәы еиҭагоуп аԥсшәа, ачерқьес, ауаԥс бызшәақәа рахь.

АҞӘА, жьҭаара 29–Sputnik. Аԥсуа-адыга диаспора Иорданиа ақырҭуа автор Давид Маграӡе ишәҟәы "Джакмо Понти" аӡыргара еиԥырҟьеит ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адемографиеи арепатриациеи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Дбар.

"Иорданиатәи Ахашимиттә кралраҿ жьҭаара 28 рзы ақырҭуеи ачерқьеси гәыҳалалратә еиҿкаарақәа иазыԥхьагәарҭеит асимпозиум. Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡырыргараны иҟан ақырҭуа автор ипоема - аԥсуа, ачерқьес, ауаԥс бызшәақәа рахь еиҭаго@? - иҳәеит иара.

Ауснагӡатә апровокациатә ҟазшьа аман, иззырхазгьы аԥсуа-адыга диаспора реиҟәшара акәын ҳәа иҳәеит Беслан Дбар.

"Аха аԥсуа-адыга диаспора (аиҿкаара "Адиуан Абаза" – аред.) ахаҭарнакцәа ауснагӡатә еиԥырҟьеит. Ауснагӡатә мҩаԥысраны иҟан Адыгэ-Хасе ахыбраҿы. Аԥсуа-адыга диаспора атранспорантқәеи аԥсуеи адыгеи бираҟқәа рыманы инеиит уахь, Иорданиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иқәгыларагьы иаԥырхагахеит, иаргьы азал ааныжьны дцеит"? - иҳәеит Беслан Дбар.

Аплакатқәа рҿы ианын: "Уара ара аӡәгьы дузыԥшӡам", "Аԥсны ахақәиҭра" ҳәа.

"Асеиԥш иҟоу агуманитартә акциақәа рымҩаԥгара аӡәгьы дырҿагылом? аха ари аҭагылазаашьаан анагашьа аҩбара аҵан. Аԥсуа бызшәа аӡра ақырҭцәа ргәы амырҭынчуашәа ирыдгалан, аха уи ианаамҭаз адемократиа аҳәаақәа ирҭымгакәа ихәаҽын", - иҳәеит Дбар.

Уаанӡа Адемографиеи арепатриациеи рзы аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵахьан Иорданиа иҟоу аԥсуа-адыга диаспора алахәылацәа рахь Қырҭтәыла имҩаԥнаго апровакациатә усқәа рхы рыларымгаларц, ари ауснагӡатәгьы ззырхо адиаспора реиҟәшара шакәу. Убри азы ааԥхьараҿы иҳәан аҭынчреи аҟәышреи аарԥшызарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0