Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дбар Иорданиа аԥсуа-дыга диаспора имҩаԥнагаз акциазы: ақырҭцәа ҳаидгылара дҳарбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Дбар
Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 28 рзы Иорданиа имҩаԥысран иҟаз акультуратә симпозиум иаҿагылан аԥсуа-дыга диаспора имҩаԥыргаз акциа ахҳәаа азыҟаиҵеит Аԥсны адемографиази арепатриациази аминистр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Дбар.
Дбар Иорданиа аԥсуа-дыга диаспора имҩаԥнагаз акциазы: ақырҭцәа ҳаидгылара дҳарбеит

"Асимпозиум мҩаԥысран ишыҟаз адырра ҳаухьан, убри аҿагыларазы иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит. Адырра рыҭан аԥсуа-база адиаспора Иорданиа, Ҭырқәтәыла, Ливан, Шьамтәыла, Мысра инхо ҳдиаспора рхаҭарнакцәа зегьы. Ари аиқәшәара - ҳаиҩызареи ҳаиашьареи иаԥырхагоу усуп, уи идеилыркаан дара. Ақырҭуа автор Давид Маграӡе аԥсуа, ауаԥс бызшәахьы еиҭеигаз ашәҟәы аӡыргаразы аиԥылара еиҿыркаарц ргәы иҭан. Ҳаԥсуа "Диуан Абаза" активистцәа, Адыга Хасе иалоугьы абираҟқәа кны, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла аҩырақәа ҟаҵаны, ацҳаражәҳәаҩ дышцәажәоз иҿагылеит. Уи нахыс иара ддәылҵны дымцар ада ԥсыхәа имоуа дҟалеит. Иаха имыцәа имтәа аус еиҿызкааз рыхьӡала аҳаҭыртә шәҟәы ҳаҩуеит, абасала ҳаидгыланы ҳусқәа ҟаҳҵалар ҳманшәалахон", - ҳәа азгәеиҭеит Дбар.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0