Елина Каленџьиан лзы аԥареидкылара хацыркуп

© SputnikЕлина Каленџьиан лзы аԥареидкылара хацыркуп
Елина Каленџьиан лзы аԥареидкылара хацыркуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥшьышықәса зхыҵуа Елина Ереван, Атравмоталогиеи аортопедиеи Рцентр аҿы аоперациақәа ҩба лзуразы еизгатәуп 260 000 мааҭ.

АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Елина Каленџьиан ацхыраара лыҭаразы аԥареизгара аԥшьнагеит.

Елина – лшьапқәа рыҩбагьы рыжәтәахқәа ҭԥаны диит. Ажурналистцәа рԥылара даара лҽазыҟаҟалҵеит. Аҵкы ԥшӡа лышәҵаны, лхы абант аркны даҳԥылеит. Аччаԥшь лҿықәыхх ҳлыдылкылеит.

Елина лан Карина лажәақәа рыла ахәыҷы даара дцыхцыхуп. Амузыкеи акәашареи бзиа илбоит аха иарбанызаалак лынеиҭаҵ-ааиҭаҵра ахьаа лызцәырнагоит. Лара ааигәоуп аныҟәара даналага. Макьанагьы лан ма лаб рнапы аужьра дацәшәоит.

Елина мызкы анылхыҵуаз аҳақьымцәа "перинатальная ишемия" ҳәа адиагноз лзықәдыргылеит. Акраамҭатәи аҽыхәышәтәра ашьҭахь ахәыҷы лшьапы дықәгылеит аха акыр дцыркьуан. Аортопедцәа аҽа диагнозкгьы лзықәдыргылеит– "врожденная дисплазия и вывих тазобедренных суставов".

Лыхәышәтәра актәи акурс рацәак илмыхәеит. Аҳақьымцәа ирацәаны аныҟәара азин лырҭом.

© SputnikФонд Ашана
Елина Каленџьиан лзы аԥареидкылара хацыркуп - Sputnik Аҧсны
Фонд Ашана

"Асеиԥш иҟақәоу маҷӡам. Еиҳа заа адиагноз ықәыргылазҭгьы ариашарагьы еиҳа имариахозаарын. Уажәы лара аоперациақәа ҩба лзутәуп. Ҳақәгәыӷуеит 90% ҳауп ҳәа аныҟәара дшалаго азы. Уажәы аоперациа ҟаҳамҵар дышцыркьу дынхар алшоит" ҳәа иҳәеит Ареспубликатә хәышәәтырҭа аҳақьым-травматолог Георги Морохиа.

Ԥшьышықәса зхыҵуа Елина Ереван, Атравмоталогиеи аортопедиеи Рцентр "Сурб Аствацамайр" аҿы аоперациақәа ҩба лзуразы еизгатәуп 260 000 мааҭ.

Ацхыраара аҟаҵаразы инарҭбаау аинформациа шәоуеит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0