"МИР" уажәшьҭарнахыс ахархәара аиулоит Виетнамгьы

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервые карты национальной платежной системы "Мир"
Первые карты национальной платежной системы Мир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсныи рмилаҭтә ԥарашәаратә системақәа ринтеграциа иалнаршоит ахсаалагақәа "АԤРА" ахсаалагақәа "Мир" ахархәара ахьрымоу атәылақәа зегьы рҿы ахархәара.

АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Аԥарашәаратә система "Мир" ахсаалага Виетнам ахархәара аҭахоит жьҭаара 29 инаркны POS-терминал ала. Уи мҩаԥигоит Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Максим Акимов ҳәа аанацҳауеит ПРАЙМ.

Карты Апра - Sputnik Аҧсны
Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "Аԥра" "МИР" иалахәхоит

"Виетнамтәи аган абанкоматқәеи атерминалқәеи ахсаалага "Мир" адкылара ишаздырхиаз еиԥш урыстәылатәи атуристцәа ироуеит алшара ахсаалага "Мир" аҩнеиԥш ахархәара", - иҳәоит Акимов.

Уаанӡа Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "Аԥра" урыстәылатәи аԥарашәаратә система "МИР" иалахәхоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

"Аԥреи" "Мири" реинырра алшеит 2018 шықәса ԥхынгәы 11 рзы анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра абзоурала.

"Аԥра" ахархәара аиуеит уажәшьҭарнахыс Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Ермантәыла реиԥш егьырҭ атәылақәа рҟынгьы уа ахсаалага "Мир" аус ауазар. Ари алшара ҟанаҵоит ареспублика анҭыҵгьы абанкоматқәа рҿы аԥараиураз. Ари ауааԥсыра рзы ишьахәу ҭагылазаашьоуп. Урыстәылатәи ахсаалагақәа раахәара аҭаххара аԥнахуеит.

Аԥснытәи ахсаалагақәа змоу рзы акомиссиа ашәара аҭаххом аԥарашәараан, абанкоматқәа рҟынтәи аԥара анҭырго 2% иреиҳахом.

Карты Апра - Sputnik Аҧсны
Амилаҭтә шәаратә система "Аԥра" ала Урыстәыла ахәаахәҭра алшо иҟалоит

Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа иҳәеит иахьазы Аԥсны атәылауаа шә-нызқь рҟынӡа хсаалага шрымоу. Аха аҳәаанырцә ахархәаразы урҭ ԥсахтәуп "Аԥра World" ала ҳәа. Ареспублика акоммерциатә банкқәа урҭ рҭыжьра иалагоит 2019 шықәса жьҭаарамза инаркны.

"Мир" — урыстәылатәи амилаҭтә ԥарашәаратә системоуп. Аԥарашәара мҩаԥысуеит амилаҭтә валиута ала.

Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" аԥҵан 2012 шықәса рзы, ҳаамҭазтәи абанктә маҵзурақәа рхархәарази аԥарашәаратә инфраструктура аизырҳарази.

Ажәабжьқәа зегьы
0