АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи агәашьаркыра аремонт азы аусура хадақәа 2019 шықәса анҵәамҭаз ихыркәшахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Владимир Џьениа.
"Уажәы агәашьаркыра аҿаԥхьа иҟоу ашҭа арыцқьара иаҿуп, аӡыршә ахь аӡымҩангага цәаҳәақәа наргоит, алашара еиҿыркаауеит. Аремонт аҿаҵаҩыс иқәгылоит Аԥсны акапиталтә ргылара, нардадаҩыс – аилахәыра "ЭкоГеопроект". Аԥхынтәи аамҭақәа рзы аусурақәа аанкылан. Акурорттә сезон ашьҭахь урҭ еиҭахацыркхеит", - иҳәоит Џьениа.
Гагра, апринц Ольденбургтәи ипарк аҿы иара убасгьы иԥсаххоит атротуартә қәҵа. Аремонттә усурақәа хацыркын 2018 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә цхырааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Гагратәи асубтропикатә парк шьаҭаиркит апринц Александр Ольденбургтәи 1912 шықәса рзы. Иара 115 нызқь метр ԥшьыркца амшын аԥшаҳәа аҵанакуеит.
Гагратәи агәашьаркыра Ажәытә Гагра иаҵанакуеит. Иара аргылара нап алакын 1949–1951 шықәсқәа рзы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аҳәса рыԥсшьаразы реиҳа иалыркаауа ақалақьқәа жәаба ирылашәеит Гаграгьы
-
Гагра агәашьаркыра ҿыц официалла иаартын