Аԥсны Москва имҩаԥысуа Кавказ ҳаамҭазтәи аҟазара абиеннале иалахәхоит

© Foto / Alan VoubaРаботы абхазских художников и фотографов представлены на первой биеннале современного искусства Кавказа "В поисках идентичности" в Москве.
Работы абхазских художников и фотографов представлены на первой биеннале современного искусства Кавказа В поисках идентичности в Москве.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кавказ ҳаамҭазтәи аҟазара абиеннале "В поисках идентичности" аартын Москва, адизаин центр ARTPLAY аҿы жьҭаара 25 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik. Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәеи афотоҭыхыҩцәеи русумҭақәа наган Кавказ ҳаамҭазтәи аҟазара раԥхьатәи абиеннале "В поисках идентичности" ахь.

Аԥсны ахьӡала абиеннале иалахәуп: Диана Воуԥҳа, Константин Инал-иԥа (асахьаҭыхыҩцәа – аред.), Алан Воуба (асахьаҭыхыҩ, афотоҭыхыҩ – аред.), афотоҭыхыҩ Ҭенгиз Ҭарба.

"Шықәсык аԥхьа ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәеи ҳареи аиԥылара ҳаман. Ацәыргақәҵа аидеиа ҳфонд ахықәкқәа акыр ирықәшәоит. Ацәыргақәҵаҿ асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа хыԥхьаӡара рацәала иӡырган", - иҳәеит афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" ашьаҭаркҩы Ҭенгиз Ҭарба.

Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" ахықәкы хадақәа иреиуоуп аԥсуаа ракзаара аҳәаақәҵара ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭарба.

"Абиеннале аиҿкааҩцәа ирҭахуп асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа ҭыԥк аҿы еизганы ҳкультуреи ҳатрадициақәеи рдунеихәаԥшра Кавказ иахьатәи аҟазаарала дырбара", - иҳәоит Ҭенгиз Ҭарба.

Апроект "Art Incognito" аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа алахәхоит

Иара иазгәеиҭеит агәахәара ду шинаҭо абри аҩыза акультуратә уснагӡатә дахьахәҭаку.

"Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" ҳаԥсабара шьаҭаны иаԥхьаӡоит ҳатрадициақәеи, ҳбызшәеи, ҳдунеидырреи рзы. Убри азоуп арҭ афотоқәеи авидеоқәеи рыцхыраарала ҳдунеихәаԥшышьа ахыҵхырҭа аӡыргара сыҽзазысшәо", - иҳәоит Ҭарба.

Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа зегьы ирымоуп алшара Кавказ, асахьаҭыхыҩцәа рыблала, рхазы аартра.

Абиеннале аҟны ицәыргоуп 500 рҟынӡа Кавказ асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа. Абиеннале ҳаамҭазтәи кавказтәи аҟазара атема аҭҵаара иазырхоуп.

Абиеннале мҩаԥысуеит Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистрреи, аинформациатә маҵзура ТАССи, Кавказ ҳаамҭазтәи аҟазара Афонди, адизаин Центр ARTPLAY рыдгыларала.

Ажәабжьқәа зегьы
0