Гагратәи агәашьаркыра акапиталтә ремонт азухоит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи агәашьаркыра аремонт 2019 шықәса анҵәамҭазы ихыркәшахоит
Гагратәи агәашьаркыра аремонт 2019 шықәса анҵәамҭазы ихыркәшахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Архитектуратә баҟақәа рахь иаҵанакуа Гагратәи агәашьаркыра акапиталтә ремонт азухоит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиара аинвестпрограмма инақәыршәаны, аҭоурыхтә культуратә баҟақәа рахь иаҵанакуа Гагратәи агәашьаркыра (колоннада) акапиталтә ремонт азухоит.

Гагра агәашьаркыра аргылара - Sputnik Аҧсны
Аԥсыршьага ҭыԥ: Гагра агәашьаркыра ҿыц аргылара иаҿуп

Гагратәи агәашьаркыра амшын аԥшаҳәатә парк агәашә хада ҳәа иԥхьаӡоуп, акурорттә қалақь ахаҿра зырԥшӡуа архитектруатә баҟақәа иреиуоуп. Иарбан ныҟәаразаалакгьы, ари аҭыԥ ахь имааикәа ихырқәшахаӡом. Аобиект ргылан Асовет Еидгыла аамҭақәа рзы, 1955 шықәса анҵәамҭазы. Официалла иаартын 1956 шықәсазы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира амш азгәаҭара ахьӡала.

Агәашьаркыра ауаргьа (арка) рацәа аҭаны, ихагьежьааны, 60 метра аура аҭаны еиҿартәоуп. Ишкәакәоу абаашқәа ԥшьба ахыргьагьақәа (аркада) рыла еиԥшьуп. Зынӡа 45 шьаҟа рыҵагылоуп.

Ари аҵакыра арԥшӡоит аҭынчра иасимволу аҳәыҳә зхагылоу аӡыршә. Мавританиатәи астиль ала иргылоу, Цинцабаӡеи, Канделакии авторцәас измоу арҭ аобиектқәа иааизакны архитектуратә ансамбль шьақәдыргылоит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи агәашьаркыра аремонт 2019 шықәса анҵәамҭазы ихыркәшахоит
Гагратәи агәашьаркыра акапиталтә ремонт азухоит - Sputnik Аҧсны
Гагратәи агәашьаркыра аремонт 2019 шықәса анҵәамҭазы ихыркәшахоит

Иазгәаҭатәуп, 60 шықәса инеиҳаны, агәашьаркыра акапиталтә ремонт шазумыз. Аамҭа-аамҭала хәҭақәак еиҭашьақәыргылан умҳәозар. Иахьазы нап зырку акапиталтә ремонт, актәи ахәҭахьы иаҵанакуаз архитектуратә ргылара ашьаҭа арӷәӷәара хырқәшоуп.

"Акыр шықәса адгьыл иҵсуаз аӡқәа агәашьаркыра ашьаҭа дыркәадеит. Аспециалистцәа агәҭынчымра рыман, аусурақәа ирылагар, аобиект иадҵахо амчхара азышьҭнамхар алшоит ҳәа. Аха шықәсык аҩнуҵҟа агәашьаркыра аҭагылазаашьа аилкааразы имҩаԥысуаз аҭҵаарақәа иаадырԥшит ашәара шыҟамыз", - иҳәеит Гагратәи агәашьаркыра аргылара апроект анапхгаҩы Роберт Лабиа.

Апроекттә харџьынҵа ақьаадқәа рҿы изларбоу ала, иазԥхьагәаҭоуп агәашьаркыра абагьырқәа (балюстрада) рыԥсахра, арԥшьшьаратә хәҭақәа реиҭашьақәыргылара, ашьаҟақәа ирыхьшьхоит абетон-хаҳәтә еилаҭәа.

Роберт Лабиа иажәақәа рыла, акапиталтә ремонт азухоит аӡыршәгьы.

Колоннадатәи аӡыршә - Sputnik Аҧсны
Аколоннада аҿаԥхьа иҟоу аӡыршә аусура иалагеит

"Аӡыршә аӡы цәылымсуа, иара убас иоунамыжьуа иҟаҵахоит, аҩнуҵҟа иҷыдоу амазаика ықәҵахоит. Иахагылоу, аҭынчра иасимволу аҳәыҳә ахьықәчаԥоу ашьаҟа риашахоит", - иациҵеит иара.

Агәашьаркыра акапиталтә ремонт ахырқәшара арбоуп 2020-тәи акурорттә сезон алагамҭазы. Уаанӡа изхьымӡо ҟаларгьы, хәыҷы-хәыҷла рус иацырҵоит.

Ишдыру еиԥш Гагратәи агәашьаркыра ауаа рацәа ахьеизо ҭыԥны иҟоуп, аиҳарак аԥхынразы. Атуристцәа мҩанызго атранспорт есыҽны агәашьаркыра ашҭа иҭалоит, ирызгәамҭакәа аԥхасҭа аҭо.

Акапиталтә ремонт ашьҭахь ари аҭоурыхтә-архитектуратә баҟа аҵакыра ашьаҟауаа ахьынаиааиуа ҭыԥны иҟалар еиҳа ииашахон, амашьынаргыларҭа ҭыԥны акәымкәа, рҳәоит аргылаҩцәа.

Аремонт аҿаҵаҩыс иқәгылоит Аԥсны акапиталтә ргылара, нардадаҩыс – аилахәыра "ЭкоГеопроект".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0