Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гьемуа: аамҭа цацыԥхьаӡа ахархәара змам абаҳчақәа иаҳа-иаҳа ақәӡаара иаҿуп

© Sputnik Гьемуа Наур
 Гьемуа Наур  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы амазара анапхгараҭара аҟәша аиҳабы Наур Гьемуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аҿиаразы еиҭаҳаз абаҳчақәа иахьазы иахьынӡеиқәырхоу атәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гемуа ақыҭанхамҩа аҿиаразы еиҭаҳаз абаҳҷақәа ирызкны

2010-2012 шықәса рзы Аԥсны асоциалтә економика аҿиаразы иазԥхьагәаҭаз аплан инақәыршәаны ҳтәыла араионқәа жәпакы рҿы еиҭаҳан абаҳчақәа. Уажәазы дара аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аилак хылаԥшра анаҭоит. Абаҳчақәа анаҩс реиқәырхаразы дара араионтә мчрақәа ирыҭахоит.  

"Гәылрыԥшь араион Допуқыҭ ҳәа иахьашьҭоу абаҳчақәа ирыҵаркуан 50 гектар рҟынӡа, урҭ рҟынтә еиқәханы иҟоуп афеихоа 600 шьапы, аҵәа 12 нызқь шьапы. Аԥхьа аплан инақәыршәаны еиҭаҳаз атәы уҳәозар - 7064 феихоа шьапы, аҵәа 4810 шьапы. Арҭ арбагақәа 2017 шықәса рзы ҿыц еиҭаԥхьаӡан иалкааз роуп. Усҟан иҟази уажәи еиҿурԥшуазар, даара рыҽаԥсахит, аамҭа цацыԥхьаӡа ахархәара ахьрымам азы абаҳчақәа иаҳа-иаҳа ақәӡаара иаҿуп. Еиҳарак еиқәханы иҟоуп Гәылрыԥшь араион аҿы. Аҭагылазаашьа даараӡа ицәгьоуп, насгьы еиҳарак абаҳчақәа ахьеиқәымхаз 10-20 инацны гектар ахархәарахь иахьрыҭаз ауп. 2-5 гектар рҟынӡа иахьыҟаз иаҳа еиқәхеит. Избанзар ауаа рхатә џьабаала, рхарџьқәа рыла ирыхьчеит, иахьмаҷыз азы уи рылдыршеит", - ҳәа азгәеиҭеит Гьемуа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0