"Сгәанала анхаҩы иашҭаҟны ачара аниуа, аҭаца данҭеигало игәараҭа, уи иамоу агьама даҽакы иеиԥшым. Иахьа нас иҳамоуп ҷыдала ахыбрақәа, ачарақәа ахьымҩаԥырго, убри акәзар ҟалап мыцхәы аҽхтра, даҽакала ахымҩаԥгашьа, аҭаца лыԥхашьаԥхаҵара зымҩа ишьҭаҵаны ажәлар дрылаԥшуа азал ахь лыҩналара ҟазҵаз", - лҳәеит Ҳалбад.
Лара иазгәалҭеит аамҭа зегь рыла иақәшәо ачарақәа ақыҭақәа рҟны ианыруагьы аҿырԥштәқәа шыҟоу, урҭ ирыцнаргартә иҟам ақалақь аҟны ахыбрақәа рҿы ируа ачарақәа.
"Ақалақь аҟны иахьа имҩаԥырго ачарақәа иԥарарҳага мацарашәа иҟалеит. Ачарахь ҳанцо ҳауа-ҳҭынха лассы иаҳамбац ҳаицәажәарц, ҳаибабар ҳҭахуп. Ус еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоума иахьа ҳҷарақәа рҟны? Иҟаӡам. Ҿарацәақәак алаҳамҵозар, иҭышәынтәалоу, зхы пату ақәызҵо ауаа рхы ҭҟьаны иаауеит ачарақәа рҟынтәи. Аԥара ршәеит, хымаԥсыма акрырфеит, игылт, ицеит", - лҳәеит Ҳалбад.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.