Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа аԥсуа етнологиа иазкны Чурсин ишәҟәы аиҭаҭыжьразы: ажәытә ԥшаашьа амамкәа иҟалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗураб Џьапуа
Зураб Џьапуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аетнограф, кавказҭҵааҩы Григори Чурсин авторс дызмоу ашәҟәы "Аԥсуа аетнологиаҭҵаарақәа рԥышәа" аиҭаҭыжьра алыршахеит. Ашәҟәы редакторс иамоу Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи ҵакыс иамоу атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьапуа аԥсуа етнологиа иазкны Чурсин ишәҟәы аиҭаҭыжьразы

"Аԥсуа етнологиа, аԥсуаа рҵас рқьабз ҭызҵаауа зегьы, иара убас аԥсуаа рытрадициатә культура иазҿлымҳау зегьы даара акрызҵазкуа ҳамҭа ду роуеит ҳәа уҳәар ҟалоит абри ашәҟәы аҭыҵрала. Избанзар ари ашәҟәы Григори Чурсин "Материалы по этнографии Абхазии" ҳәа ахьыӡҵаны иҭыҵхьан 1957 шықәса рзы, еиқәлыршәеит, аредакциа азылуит аетнограф Лили Акаба. Иара анҭыҵуаз аамҭазы автор дыԥсхьан, аныпалаҩыра Аԥснынӡа иааӡеит, Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы иҟан. Иара мырӡкәа аҭыжьра алыршахеит, аха иахьатәи ҳаамҭазы ари ашәҟәы ԥшаашьа амамкәа иҟалеит.  Шықәсқәак раԥхьа иара аиҭаҭыжьра азырхиара ҳалагеит, аусумҭа акыр ҳадхалеит, избанзар иара ихарҭәааны иҭыжьзар ҳҭаххеит. Аԥхьаҩ дымҩақәызҵаша, ашәҟәы хазырҭәааша арбагақәа ацаҳҵеит. Ари аусумҭа аԥсуаҭҵаара мацара акәымкәа, кавказҭҵаараҿы акрызҵазкуа усумҭан иҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0