АҞӘА, абҵара 5– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны адгьылтә кадастр аусура аларгаразы иаанханы иҟоу апрограмматә еиқәыршәара аиҿкаароуп ҳәа иҳәеит ареспублика аԥыза-министр Валери Бганба абрифинг аҿы.
"Адгьылтә кадастр ҳалацәажәоижьҭеи акрааҵуеит. Аԥсны адгьылтә кадастр аусура аларгаразы иаанханы иҟоу апрограмматә еиқәыршәара аиҿкаароуп. Уажәы урыстәылатәи агани ҳареи ҳаилацәажәоит уи аганахь ала", - иҳәеит Бганба.
Иара иазгәеиҭеит ианаало авариант ҳәа азхьаԥшра шамоу америкатәи аверсиа, аха урыстәылатәи аган уи иақәшаҳаҭым ҳәа.
Аԥсны адгьылтә кадастр аиқәыршәараз аусурақәа хацыркын 2012 шықәса рзы.
2012-2013 шықәсқәа рзы иазырхиан агеодезиатә ҳа. 2014 шықәса рзы аерофотоҭыхраз аԥаразоужьра мҩаԥган.
Иахьазы Аԥсны аус ауеит асовет аамҭақәа раантәи адгьыл кадастр аҿырԥшы.