Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьниаԥҳа ашыц аиҭаҳатә иазкны
"Апроект ҳаман ашыц иадҳәалоу, Европатәи аидгыла афинанстә цхыраарала 2017 шықәсазы жәамз инарзынаԥшуа ҵәыҟаҵаралатәи аметод ҳхы иархәаны аиҭаҳатә ҟаҳҵеит. Иахьазы зықь цыра рҟынӡа аиҭаҳатә ҳамоуп ҳааӡарҭаҟны. Макьана адгьыл ахь иаҳзиагаӡом, избанзар Аԥсынтәыла ахәаҷа ыҟоуп. Аиҭаҳатә ашыцааӡарҭаҟны хышықәса инарзынаԥшуа иҟазароуп, адац аҽарӷәӷәароуп. Убасгьы иаҳьеиҭаҳҳауа ҳәа аҭыԥқәа алкааны иҳамоуп раионцыԥхьаӡа. Сынтәагьы ашыц жәла еизганы иҳамоуп. Аспециалистцәа изларҳәо ала, ажәлала ашыц ааӡара мариам, макьаназы уи шыҟаҵатәу еилаҳкаароуп, иҭаҳҵаароуп", - лҳәеит Џьниаԥҳа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.