Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Оҭар Сақаниа амилициаҿы аусура иазкны
"Усҟан ҳара ҳзанааҭ иаҳа пату ақәҵан иазныҟәон ҳаҷкәынцәа. Ҳара ҳажәлар ҳашраӷам еилыркаауазароуп. Амилициа ыҟан еснагь, аилибакаарагьы иаҳа иҟан. "Дазусҭада ари ахәыҷы, сышԥааникылеи!" ҳәа ишакәым ацәажәара иашам. Саргьы сааныркылоит, нас ишԥа уи ада? Аформа зшәу инаигӡозароуп иуалԥшьа. Амҩаҿы ишакәым схы мҩаԥызгазом, издыруеит ари аусура иацу аџьабаа атәы. Ари аструктура ада хныҟәгашьа ыҟаӡам, еиужьны амҩа зегьы ишырҭаху ианылар, аҭагылазаашьа акырӡа ибааԥсхоит. Иҟан аамҭақәа, уахгьы-ҽынгьы аус анаҳуаз, аҩныҟа ҳанзымцоз, аҽеиҭакраҵәҟьа аамҭа ҳамамызт. Уусура кажьны уцар, ушьҭахь аӡәы машәыр ихьыр, ухы иавубон", - ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.