НАТО шыԥсуа амырзаразы аилацәажәарақәа мҩаԥнагоит

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТрибуна в зале для пресс-конференций штаб-квартиры НАТО.
Трибуна в зале для пресс-конференций штаб-квартиры НАТО. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Франциа ахада Еммануель Макрон НАТО "ахшыҩ ԥсит" ҳәа иҳәамҭа европатәи аполитикатә уаажәларра рыбжьара ареакциа цәырнагеит, аофициалтә Берлин аҟынтәгьы аҿагыларатә ҭак аиуит.

Иван Данилов

Еманнуель Макров иҟаиҵаз аҳәамҭа лҵшәас иаиуеит, РИА Новости азы Иван Данилов ишиҩуа ала, уажәы Лондон имҩаԥысраны иҟоу НАТО асаммит мраҭашәаратәи аекспертцәа медицинатә консилиумк, злахьынҵа рыӡбо "НАТО захьӡу апациент" еиԥш иахьахәаԥшло. Макьаназ аӡәгьы иимҳәац ажәа хада "евтаназиа", аха Макрон иҟаиҵаз ахәшьара иашам ҳәа изшьо "Аҩадаатлантикатә алианс алшарақәа зынӡа икаҳар" иҟаҵатәузеи ҳәа рызҵаара парижтәи аҳауеиԥш европатәи аинформациатә ҳауагьы иалоуп.

Амаҵзура Рейтер адырра ҟанаҵеит Макрон иажәақәа згәамԥхаз Берлин азы абас: "Германиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Хаико Маас амҽыша  агәҽанҵара ҟаиҵеит НАТО аҵшәаара рҽацәырыхьчаларц. Иахьазы Берлин аҭак ауп Франциа ахада Еммануель Макрон иажәақәа реиҳа агәыхь зызнарҵысыз", - ҳәа.

Британиатәи апресса, уажәы НАТО лондонтәи асаммит аинформациатә мҩаԥгара аззырхио, аекспертцәа ргәынамӡара амца еихәларҵоит. Атаблоид Express апланыркразы НАТО уаанӡатәи адиректор Фабрис Потье игәаанагара аанагоит: "Еиҳа хра аиуан Макрон Франциа аиадертә бџьар Европа зегьы ахьчараз ахархәара шалыршахаша атәы иҳәар. Аха иара ус ҟаимҵеит. Франциа аиадертә бџьар ахы иахьанархәашеи иананархәашеи бзианы иадыруеит. НАТО акритика зашәҭарызеи альтернативак цәырымгаӡакәа?".

Международные учения Sea Breeze - 2019 в Одессе - Sputnik Аҧсны
Украина Еиду аштатқәа рҟынтәи иаиуа ацхыраара иашахаҭак шьақәнарӷәӷәоит

НАТО уаанӡатәи ачынуаҩ Макрон иажәақәа рыхцәажәара ҳамҭоуп Парижи Бриуссели реимак атәы здыруа рзы. Франциа ахада НАТО аиԥш Дональд Трампгьы дигәыҵасит уи ииҳәаз ала. Алианс "ахшыҩ ԥсит" ҳәа иҳәамҭа адагьы иара агәыҩбара ааирԥшит Аҩадатлантикатәи алианси Еиду аштатқәеи реиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 5 иазыԥхьагәанаҭо ахыдҵақәа ЕАА шазыхиоу азы. Макрон ипозициа адипломатиатә ҟазшьа аҟынтәи ажәа мариахь ииаугозар, иара агәыҩбара имоуп џьара ак ҟалар, Вашингтон "адгылаҩцәа иргәыҵасуам" ҳәа, избанзар асеиԥш ахымҩаԥгашьа америкатәи адәныҟаполитикатә традициа иашьашәалоуп.

Европатәи АИХқәа (BBC убрахь иналаҵаны) зызхьаԥшуа атекст аҟны Трамп дышрыцхраауа азы иақәиргәыӷхьаз шьамтәылатәи акурдцәа чарҳәара рзуразы иазыхиара уи имч акәадаразы шаҳаҭра ауеит. Макрон ари аӡбра акритика азиуит иинтервиу аҿы, иагьазгәеиҭеит "Еиду америкатәи аштатқәа рхыдҵақәа рынагӡара аганахьала НАТО закәыҵәҟьоу азхәыцра аҭахуп" ҳәа.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров - Sputnik Аҧсны
Лавров: Америкаа Шьамтәыла ахәҭак ацырҟьара рҭахуп

Ҳәарада, акурд еиҿкаарақәа Аҩадаатлантикатәи алианс аиҿкаара рнапы аҵаҩым, аха акритикцәа ргәаанагарала, Еиду аштатқәа рганахьала урҭ ирымоу аҽԥныҳәа шыҟоу иаанхоит, аиҳаракгьы иара Трамп ихаҭа алианс алахәылацәа руак аганахьала ажәылара мҩаԥгахар, аколлективтә хьчаразы астатиа анагӡаразы ЕАА рхы алархәразы агәыҩбара ахьимаз инамаданы.

Асеиԥш азнеишьа НАТО афункционерцәа агәыԥжәара рызцәырнагоит. Фабрис Потье диашоуп "НАТО ахь агәрагара анышәцәыӡ инаркны ишәхашәыршҭ заҟа танки заҟа ҳаирплани шәымоу. Ахәмарра хыркәшахоит" ҳәа аниҳәо. Аха Макрон ииҭахыҵәҟьоу "ахәмарра хыркәшахарц" ауп. Убри азоуп НАТО ахь агәыҩбара зирцыхцыхуа. Иара дзышьҭоу игеополитикатә проект – азеиԥшевропатә ар раԥҵара алыршароуп.

Аҩадатлантикатәи алианс лондонтәи асаммит аиашаз Мраҭашәаратәи атәылақәа ԥхьаҟазы рырратә еинырразы иҟоу еинымшәо х-гәаанагарак реиҿагылара иаҭыԥхоит.

ЕАА ахаҭарнакцәа Евроеидгыла атәылақәа рахь адҵа ҟарҵараны иҟоуп ВВП аҟынтәи арратә ныхрақәа рзы 752 миллиард доллар ршәарц. Германиа ахаҭарнакцәа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Маас иҳәамҭақәа ишаҳдырбо ала ахарџьқәа реизырҳара аҭахым ҳәа иқәгылоит, Вашингтони Парижи регоизм азы акритикагьы рзырулоит. Франциа ахаҭарнакцәа ракәзар, НАТО азы иаӷьлоит, азеиԥшевропатә ар раԥҵара алыршара аидеиа анагӡара рҽазыршәалоит. Арҭ апозициақәа зегьы еинзыршәаша акомпромисс аԥшаара шыуадаҩу атәы ҳәара аҭахым. НАТО ҩнуҵҟала иҵшәаауа еиҿкаароуп. Иара аимырххара иаҿуп алахәыла-тәылақәа. Дасу иара иинтерес ихьчоит.

"Иҭоурыхтәу Лондонтәи асаммит" адунеи АИХқәа зегьы рылаԥш азырхоуп. Иара аатуеит ԥхынҷкәын алагамҭазы. Ара ирыдыркылароуп ӡбара заҵәык. Ма алианс алахәылацәа зегьы еицәҳаны еимпуеит, ма алианс аиқәырхара алшоит ҳәа аҽраԥшра ҟаҵаны, анаҩс еилаҳаргьы, уи зхароу даҽа шьоук ракәхоит ҳәа агәыӷра рыманы иааиуа реиқәшәараҟынӡа еиԥырҵуеит.

Абарҭ зегьы Урыстәылазы иажәабжь бзиоуп. "Урыстәыла аҿагылара" азыгәыҳәра НАТО еиднамкылар, алианс иахәаша ҳәа уаҳа акгьы зыҟалом.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0