Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қацәба: ацха бзианы иҳауит, аха иаҳзыҭиуам

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Баслахә инхо ашьхымзааӡаҩ Вианор Қацәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа ирыԥшыз ацха зеиԥшроу, уадаҩрақәас ирымоу атәы.
Қацәба: ацха бзианы иҳауит, аха иаҳзыҭиуам

"Ацха аԥшра ҳалгеит ааигәа, иҟан абҵара 10-нӡа изԥшуаз ашьхымзааӡаҩцәа. Сынтәа ҭагалан ԥхарран, ацха бзианы иҳауит, ашьхымзааӡаҩцәа ҳџьабаа мыӡит, аха иҳауз ҳзыҭииуам. Ацха узымҭиир ашьхымзагьы нап узадкылом. Анападкылара атәы анаҳҳәо, ахәшәқәа аахәатәуп, сынтәа апаҿа ҵысит ҭагалан аԥхаррақәа ирыхҟьаны. Знык ахәшә ҟаҳҵозҭгьы, ҩынтә-хынтә иахьаҳҭақәазгьы аҭыԥқәа ҟалеит, ашьхымза паҿа арацәара иахҟьаны. Еиуеиԥшым ахәаҷақәа рҵысра, урҭ ирҿагыланы ахәшәтәрақәа ирыхҟьаны ҳашьхымзақәа ааха ӷәӷәа роуит, иҟалоит убасгьы, ҳацхагьы аҟьашьызар. Ҳара аҳәаа иахганы ацха Урыстәылаҟа идәықәаҳҵоит, араҟагьы иаҳҭиуеит ишҳалшо", - иҳәеит Қацәба. 

Иара иазгәеиҭеит ашьхааӡаҩцәа агәҽанызаара шрымазааша, еиуеиԥшым ахәаҷақәа ирҿагыланы ахәшәтәрақәа ацха рҟьашьыр ахьалшо аҟынтә.

"Заа игәаҭазар еиӷьуп, нас ҳацха џьара ицаны уаҟа ахимиа адырбалар ацкьыс. Иҟоуп еиуеиԥшым ахәаҷақәа ҳанхамҩа ааха азҭо, аха иҟоуп еиуеиԥшым егьырҭ амзызқәа ирыхҟьаны 3 шықәса раахыс ашьхымзааӡаҩцәа рыцха рзымҭиуеижьҭеи. Ҳара ҳхәаахәҭцәаӡам, ҳаарыхыҩцәоуп, иааҳрыхзар, ахы иқәырҵароуп ҳаиҳабыра. Ауаҩы иџьабааԥса иоуроуп. Ашьхымза хышықәса раахыс шаҟа аџьабаа аду, уи изааӡо иаҟара даҽаӡәы издырӡом", - иҳәеит Қацәба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0