"Ҿыц еиҿкааны иҳамоу асанавициа ауаҩы агәакра иақәшәаз ирлас ацхыраара иҭараз еиқәыршәоуп. Аусбарҭа иамоуп ареанимобильтә машьынеи, ацхыраара машьынеи, авертолиоти. Ареанимобиль ала ихьанҭоу ачымазаҩ Шәача ахәышәтәырҭа аҟынӡа инагара алыршахоит, ацхыраара лас амашьына иақәгылоу маругала иаҳа ихьысҳауп, аха ачымазаҩ хәышәтәырҭак аҟнытә даҽа хәышәтәырҭак ахь инагаразы ицхыраагӡа бзиоуп. Иҳамоу авертолиот ашьхатә ҭыԥқәа рҟнытә ацхыраара лас зҭаху ареспубликатә хәышәтәырҭаҟынӡа днаугартә иҟоуп. Аусбарҭаҿы аус руеит 16-ҩык инареиҳаны, ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп ари аусбарҭа еиҭа арҭбаара, ҳарзыԥшуп еиҭа амашьынақәа. Ари аус аиҳабыра ахаҵгылара аҭаны, иаҭаху усуп ҳәа аиҿкаара ҳаҿуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.