Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҳәба: амҩақәа рҿы иқәу акаҭран анҵыра маҷхеит амашьына дуқәа ирыхҟьаны

© SputnikЗураб Аҳәба
Зураб Аҳәба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадара иатәу Амҩатә ргыларатә усбарҭа аиҳабы Зураб Аҳәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.

Иахьазы Аҟәа х-мҩадук - Агәмаа, академик Марр, Сахаров - рҿы акаҭран ақәҵаразы аусурақәа хыркәшоуп. Басариа, Анчабаӡе, Ақырҭаа рымҩадуқәа рҿы аусурақәа макьана ицоит иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Амҩатә ргыларатә усбарҭа аиҳабы Зураб Аҳәба.

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Аҳәба ақалақь аҿы амҩатә усурақәа ирызкны

"Амҩатә усурақәа мҩаԥаагоит еснагь. Ирацәоуп иахьагьы ажәытә каҭран ахьықәу амҩақәа, аӡымҩангагақәа ракәзар, акыршықәса рхыҵуеит, абаара иаҿуп, ана-ара иԥжәоит аҟнытә, амҩадуқәагьы ржуеит, анаҩс уа аханатә акаҭран ықәҵатәны иҳамоуп. Ҳара акаҭран ҟазҵо ҳхатә зауад ҳамам, егьырҭ араионқәа рҟнытә иаагоит. Аха даргьы ҳара ҳамацара ҳзы иҟарҵом, усурак анрымоу иақәыршәан иаҳзыҟарҵоит. Ажәытәан ҳамҩақәа рҿы иқәсыр ҟалон 20 тонн инареиҳамкәа иҟаз амашьына дуқәа. Иахьа 70-80 тонн ықәсуеит, уи амҩақәа арқәацоит. Убри аҟнытә иқәаҳҵо акаҭран шықәсык ауп иахьнанаго", - ҳәа азгәеиҭеит Аҳәба.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0