Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахсалԥҳа еиҭалҳәеит Амшын еиқәаҿы иааҳәыз атанкер Аԥсны амшынӡы ишаныруа

© Sputnik / Томас ТхайцукАсида Ахсалба
Асида Ахсалба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атанкер "Делфи" ааҳәра иахҟьаны аӷба иақәыз абылтәы амшын алалара Аԥсны аганахьала Амшын еиқәа анырра шанаҭаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны аекологиатә институт аусзуҩ Асида Ахсалԥҳа.

Абҵара 23 рзы молдоватәи атанкер "Делфи" Одессатәи аӡыбжьахалаҿы иааҳәит. Уи иахҟьаны аӷба иақәыз абылтәи-ахьшьтәи амшын иалалеит.   

Ахсалԥҳа еиҭалҳәеит Амшын еиқәаҿы иааҳәыз атанкер Аԥсны амшынӡы ишаныруа

"Ари жәларбжьаратә проблеманы иԥхьаӡоуп. Иара ҟалеит Амшын еиқәа мрагыларатәи ахәҭаҿы. Амшын агьежьра атәы ҳҳәозар, Одесса иҟьашьыз амшын ԥырхага анаҭоит Румыниа, Болгариа, Ҭырқәтәыла. Амшын агьежьра афизикеи агеографиеи аганахьала ҳазнеиуазар, ҳара иарбанзаалакгьы аекологиатә ахҟьаԥҟьақәа ҳарцәыхьчоуп. Амшын злагьежьуа мрагылареи мраҭашәаратәи ациклқәа еиԥшӡам, ҳара ҳаҵанакуеит аладатәи апроцессқәа рахь. Аԥсны еиҿкаау алабораториаҿы аспециалистцәа имҩаԥырго азгәаҭарақәа рыла ҳамшын цқьоуп, ас еиԥш ахҭыс Адлер, Туаԥсе иҟалар, ҳәараҭахума, анырра ҳнаҭоит", - ҳәа азгәалҭеит Ахсалԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0