"Сухумприбор" злахыркыз апанно ауаа ашәарҭара иҭанаргылон

© Sputnik / Акоп КущянМозаика
Мозаика  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Сухумприбор" аганқәа руак зларԥшӡаз апанно абжарак аҟынтәи идрыцқьахьеит. Ақалақь ахадараҿы амозаика аиҭашьақәыргылара ма аамҭала ишыҟоу аныжьра рыгәҭакуп.

АҞӘА, абҵара 28 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. "Сухумприбор" анапхгара ахыбра ахаҿра зырԥшӡоз асовет мозаика амырхырц рыӡбеит иара амышәшәо иахьалагаз азы. Аусуцәа абри ианаҿыз азгәалҭеит Аҟәа ақалақь аҿы инхо аԥҳәыс, Facebook ахь авидео ҭалгалеит.

"Сара сгәаанагарала амозаика акыр иԥшӡоуп. Уажәы "Сухумприбор" анапхгара иара амырхырц адҵа ҟарҵеит", - лҩит лара лдаҟьаҿы.

Авидео азхьаԥшра арҭеит ақалақь ахадара, акультура аминистрра. Аҳҭнықалақь асахьаҭыхыҩ хада Ҭимур Ҟаитан иажәақәа рыла аусурақәа аамҭала иаанкылоуп.

"Азауад адиректор ихаҭыԥуаҩ аҭел сизасит, иасҳәеит ҳара ҳнеира иазыԥшырц. Ахыбра ахаҿы аиҭакра ақалақь анапхгара ақәшаҳаҭымкәа иалыршамзароуп", - иҳәеит иара.

Ажәытәтәи амозаика: "Сухумприбор" апанно аҭагылазаашьа

"Сухумприбор" адиректор Марлен Гадлиа Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иҳәеит амозаика ахәҭақәа каҳауа ианалага ауаа рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭамгыларц азы иамхтәуп ҳәа ишырыӡбаз.

"Амозаика ԥхасҭахеижьҭеи акрааҵуеит. Абжара амҵхьеит. Ааигәа имҩасуаз џьоукы ираахарц ак рыгымхеит. Ари иахьакәӡам ас ианыҟалаз. Жәабаҟа шықәса ирықәуп маҷ-маҷ иамышәшәоижьҭеи", - иҳәеит Гадлиа.

Аха убри аан "Сухумприбор" аиҳабыра имҩаԥырго аус азы Акультура аминистрра аума ақалақь ахадара роума адырра рырҭымҭаӡеит.

Ақалақь асахьаҭыхыҩ хадеи Акультура аминистрра ахаҭарнакцәеи "Сухумприбор" анапхгара ирԥылараны иҟоуп апанно ԥхьаҟатәи алахьынҵа аӡбаразы.

"Аиҭашьақәыргылара алшартә иҟоуп. Аамҭала ишыҟоу инҳажьуоу аиҭашьақәыргыларазы аԥара ҳашьҭало ҳазхәыцып. Ҳазегь ҳаилаланы апроблема ӡбышьак аҳҭароуп" ҳәа иҳәеит Ҭимур Ҟаитан.

Амозаика "Сухумприбор" аҭӡаҿы икыдҵан ХХ ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа раан. Автор деилкаам.

© Sputnik / Акоп КущянМозаика
Сухумприбор злахыркыз апанно ауаа ашәарҭара иҭанаргылон - Sputnik Аҧсны
Мозаика
Ажәабжьқәа зегьы
0