АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Гагра ақалақь ауаҩԥсы, 1975 шықәса рзы ииз, аимак иахылҿиаз ахысра ашьҭахь ахәышәтәырҭахь днаргеит. Абри атәы Sputnik Аԥсны иазеиҭарҳәеит Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы.
Аиҿахысра аҭыԥ аман Саиат-Нова имҩаҿы асааҭ хԥа рзы, ҽынла.
"Иаалырҟьан зхы ыҵызхыз аимак ашьҭахь атәылауаҩ Барцыц Д. Ш., 1959 шықәса рзы ииз, тапанчала дхысны дыбналеит. Аҭыԥ аҿы иԥшаауп 4 хык, урҭ абаллистикатә експертизахь инашьҭуп. Барцыц Д. Ш. иԥшаареи ирбаандаҩреи рзы ауснагӡатәқәа хацыркуп", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.
Ахәрақәа зауз ахаҵа Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы аԥхьатәи ацхыраара анизыҟарҵа ашьҭахь Урыстәыла аҵакырахь диаргеит.