Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сақаниа еиҭеиҳәеит Бедиатәи ауахәама аргылара зыбзоурахаз

© SputnikСурам Сақаниа
Сурам Сақаниа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Бедиатәи ауахәама шыргылахаз, насгьы иара иамоу ашықәснҵыразы иҟоу агәаанагарақәа ртәы.
Сақаниа еиҭеиҳәеит Бедиатәи ауахәама аргылара зыбзоурахаз

"Бедиатәи ауахәама аргылараҿы даара иџьабаа дууп Аԥсны аҳ Баграт II. Уи иани иареи еицырҟарҵеит, ма дара рзы иҟарҵеит рыхьӡ агәаанагара ыҟоуп. Убри инадкыланы ирҳәоит 999 шықәса рзыҳәан ҳәа, аха убраҟагьы убри ашықәс арбаӡам. Аҭоурыхтә даҟьақәа руак аҿы иаҳәоит: "Баграт II аԥсуа ҳәынҭқар димоҭоуп ҳәа, аԥсуа ҳәынҭқар иԥҳа дылԥоуп ҳәа. Тао-Кларджети ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҿы дрыман лара, убра длыхшеит аҷкәын Баграт, Аԥсны аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь аҿы ирааӡоз", - ҳәа. Аԥсны аҳ Георги иԥацәа Леони Дмитрии рыхшареи рҟынтәи иацызҵо аныҟамла, Баграт II ҳәа Аԥсныҟа уи дааганы ҳәынҭқарс дахадыргылеит иқәра шмаҷыз. 16-17 шықәса ракәын ихыҵуаз иара. Аԥсныҟа данаарга, аҭыԥан аилаҩынтра ҟалеит, уа инхо аҳцәа, аҭауадцәа аԥсуа ҳәынҭқар иԥҳа Гурандыхәт захьӡыз аԥыжәара лнапы ианырҵеит, иара убри алагьы аибашьра ҵысит. Баграт II иқәра маҷын азы, ар драԥгылар ҟалаӡомызт, аха раԥхьаӡа акәны аибашьра ҳәа Аԥсны аҳәаа дахьҭыҵыз, иан дзеиҳабыз, иҿагылоз, Қыртәылатәи ахәҭақәак ирыҵаркуа адгьыл аҿы иҿагылақәоз иаарықәлан, иааимиҵәҵәеит, иара ииҭахыз дахаиргылеит, иан иԥсадгьыл ахь дааигеит. Ари ахҭыс ҟалеит ҳәа агәҩара ҳамоуп ҳара 980-985 шықәсқәа рыбжьара. Бедиатәи ауахәама ргылахеит Баграт II раԥхьаӡа акәны хаҵаҵас иҳәынҭқарра дахагыланы, ар драԥгыланы, Аԥсны анҭыҵ дцаны, деибашьны аиааира ахьигаз иазкны. Иара иԥсы ахьынӡаҭазгьы иигоз аиааирақәа рышьҭахь уахьынтә ирҳауаз амал ала иргылон ауахәамақәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сақаниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0