Ԥхәынҷкәын 25 инаркны 30-нӡа Аԥсуа драматә театр ахәаԥшцәа хәыҷқәа ирыднагалоит ақәыргыламҭа ҿыц, ашықәс ҿыцазтәи алакә "Ҷыҟәрышә".
"Иарбану усумҭоу ахәыҷқәа ирыдаагаларц ҳалшо ҳәа ҳаназхәыцуаз, ирацәан ҳхаҿы иааиз, аха аҵыхәтәаны Гофман ипиеса ҳазааит. Сынтәа иара еиҳарак актуалра амоуп, избанзар аҩымҭаҿы еиԥш сынтәа ҳазҭало ашықәс азгьы аҳра руеит аҳәынаԥқәа. Апиеса еиҭалгеит Гәында Сақаниаԥҳа. Аимак-аиҿак ахылҿиааит аԥсышәала "Щелкунчик" шеиҭагахо ҳәа. Авариантқәа рацәан, иҟан Ҟырҷ-ҟырҷгьы зҳәаз, аха аҵыхәтәаны ҳазааит "Ҷыҟәрышә". "Щелкунчик" ажәа аҵакы араса аԥҽра аҟнытә иаауеит, аԥсышәалагьы уи ҳазхәыцны иҟаҳҵеит. Араса анԥыуҽуа иахылҵуа абжьы еиԥш. Исҭахуп ахәыҷқәа ари ажәа ражәаҳәа иалаларц, игәныркыларц. Избан ақәыргыламҭа "Ҷыҟәрышә" залаҳхыз ҳәа шәҵаауазар, иахьатәи абиԥара америкатәи амультфильмқәа рхаҿсахьақәа, рфырхацәа иаҳа ирыцклаԥшуеит, иаҳа ирдыруеит. Ргәы ақәыԥҵәеит ҳәа сгәы иаанагоит есышықәса Ашықәс ҿыц азы аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи злоу алакәқәа рбара. Ахәыҷқәа иаҳа азҿлымҳара зырҭаша ҳәа ҳазхәыцит, насгьы "Щелкунчик" аԥсышәала арцәажәара кыр зҵазкуаны исыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭодуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.