Рубен Депелиан асценахь дхынҳәит

© Sputnik / Томас ТхайцукРубен Депелиан асценахь дхынҳәит
Рубен Депелиан асценахь дхынҳәит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рубен Депелиан Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр 2007 шықәса рзы. Ииасыз ашықәс азы ачымазара бааԥс изцәырҵит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аспектакль "Клинический случай" ахь ихынҳәра "ҿыцныҟәаран избоит" ҳәа ахиҳәааит радио Sputnikаинтервиу азҭаз РУСДРАМ актиор Рубен Депелиан.

РУСДРАМ актиор шықәсык аҩнуҵҟала ҩ-операциак ихигеит. Уаанӡа асценаҿ ихәмарра акыр ахьаа ацын.

"Ахьаа анумоу зегь амҟәыҵанахалоит. Даара ицәгьоуп", - иҳәоит актиор.

Депелиан иажәақәа рыла, ихьааи игәкаҳареи риааира алзыршаз Иракли Хынҭәба раԥхьа днаргыланы иколлектив ауп. Ацхыраара ду ирҭеит ахәаԥшцәагьы.

"Иракли Реваз-иԥа "акы уацәымшәан, зегь ҳухәоит" ҳәа сеиҳәеит. Сгәы шьҭихит. Москваҟа ҽыхәышәтәра санцагьы, ахәаԥшцәа асаламшәҟәы сзырыҩуан, адгылара сырҭон. Сара ара исзыԥшу шыҟоу збеит, сымчгьы иацлеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Актиор илшоз зегь ҟаиҵон ихи ичымазареи дыриааирц.

"Аоперациа аҩбатәи амш аҽны сгылеит. Сҩызцәа рацәажәара сҽацәхьаскуан игәхьаасымгаларц азы. Даргьы сеилыркаауан. Сара сгәамбзиара иснарбеит зегь раасҭа ихадоу агәабзиареи иузааигәоу ауаа рыҟазаареи шакәу", - ҳәа азгәеиҭеит Депелиан.

Ԥхынҷкәын 10 рзы Рубен Депелиан шықәсык ашьҭахь атеатр дазыхынҳәны аспектакль "Клинический случай" ихы алаирхәуеит.

Рубен Депелиан Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр 2007 шықәса рзы.

Дрылахәуп аспектакльқәа: "Купьеллоаа рыҩнаҭаҿы Қьырсаныҳәа", "Тартюф", "Хә-хәылԥазык", "Примадоннаа", "Аревизор", "Аклиникатә хҭыс", "Зегьы сара сԥацәа".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0