АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Москватәи аҳаиртә баӷәаза "Внуково" ԥхынҷкәын 10 инаркны аелектронтә талонқәа рыдкылара иаҟәыҵуеит ҳәа адырра ҟанаҵоит "Аэрофлот" агәыԥ иаҵанакуа авиаеилахәыра "Победа".
"Москватәи аҳаиртә баӷәаза "Внуково" ԥхынҷкәын 10 инаркны аелектронтә талонқәа рыдкылара иаҟәыҵуеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Авиаеилахәыра иазгәанаҭоит атәарҭатә талон онлаин-ҭаҩра ианахыс ашьҭахь икьыԥхьтәуп ма аҳаиртә баӷәаза аҭаҩырҭаҿ игатәуп ҳәа.
Урыстәылатәи аҳаиртә баӷәазақәа аелектронтә талонқәа рыла апассаџьырцәа аҳаирплан рҭажьлара азин роуит жәабран 24, 2019 шықәса рзы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылара апроект азырхиоуп