Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Sputnik акорреспондент: аҽыбӷаҟазаратә цәыргақәҵа Очамчыра ныҳәак аҳасабала имҩасит

© Sputnik / Томас ТхайцукБадраҟ Аҩӡба
Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра еиҿкааз аҽыбӷаҟазаратә цәыргақәҵа шымҩаԥысыз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ажурналист Бадраҟ Аҩӡба.

 

Sputnik акорреспондент: аҽыбӷаҟазаратә цәыргақәҵа Очамчыра ныҳәак аҳасабала имҩасит

"Ицәыргақәҵан аҽыбӷаҟазара иадҳәалоу асахьақәа, афотосахьақәа ҳтәылаҿы имҩаԥысуаз аҽырыҩрақәеи уи иадҳәалоу аспорттә хәмаррақәеи рҟнытә. Рҟазара аадырԥшит ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансабльқәа, иара убас еиҭаҳәан аҽыбӷаҟазара аҭоурыхгьы. Ақалақь ахадара ахыбра азааигәара аҽыбӷаҟазаҩцәа рҟазара аадырԥшит, дара раҳәақәа рҟьон ишҽыжәыз, идырхәмарит рыҽқәа. Ныҳәак аҳасабала имҩаԥысит аусмҩаԥгатә зегьы, иара хықәкысгьы иаман аԥсуаа традициала ҳзызҿлымҳау, иаҳзааигәоу аҽыбӷаҟазара аус иаҳагьы ауаа рыларҵәара, арҭбаара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.        

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Очамчыра ақалақь Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аԥшьгарала ԥхынҷкәын 10 рзы еиҿкаан ацәыргақәҵа "Амҵәыжәҩа змоу Бзоу" ҳәа хьӡыс измаз. Уи хықәкы хадас иаман аҿар аҽыбӷаҟазара агәыбылра дыркра, аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа акультуратәи аинформациатәи дгылара рыҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0