Гагратәи актәи аԥсуа школ ахархәарахь анашьҭразы иагу рҳәеит

© Foto / Музаффар ОстановГагратәи актәи аԥсуа школ ахархәарахь анашьҭразы иагу рҳәеит
Гагратәи актәи аԥсуа школ ахархәарахь анашьҭразы иагу рҳәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афинанстә цхыраара ишацҵахо еиԥш Гагратәи аԥсуа школ аргыларагьы хыркәшахоит иҳәеит Гагра ашкол аиҭашьақәыргалара знапы иану анардадкылаҩ.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аинвестпрограмма инақәыршәаны ҩышықәса раахыс зыргылара нап арку Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 иаарласны ахархәарахь инашьҭхоит иҳәеит анардадкылаҩ Саид Осиа.

"Иахьазы инханы иҟоу аусурақәа маҷӡоуп. Ахыбра аҩнуҵҟа аганваҵақәа (аплинтусқәа - аред.) рышьҭаҵара, аҩнымаҭәеи атехнологиатә маҭәахәқәеи реибыҭара ирҿуп. Адәахьы ашҭеи амҩахәасҭақәеи рҭырҭәаара хыркәшоуп, уажәы аҵакырадгьыл ариаҵәареи, ахыб ықәҵаны, аҟәардәқәа ргыланы аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа раԥҵареи, аиҿкааратә усурақәеи мҩаԥысуеит. Финансла ҳаиҵамхозтгьы аобиект иахьа уажәраанӡагьы иаҳҭахьазаарын. Аҵыхәтәантәи аетап азы аԥара шазоужьхо еиԥш, ҳус мызкы ахыи-аҵыхәеи рыла инаҳагӡоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Саид Осиа инаҵишьит, аргыларақәа цонаҵы изныкымкәа ашкол адиректори арҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәеи ргәаҳәарала апроект аҿы ишарбамызгьы, раҳаҭыр баны ахарҭәаарақәа шаларгалаз.

© Foto / Музаффар ОстановСтройка
Гагратәи актәи аԥсуа школ ахархәарахь анашьҭразы иагу рҳәеит - Sputnik Аҧсны
Стройка

"Акттә зал аҟны асметаҿы ишаҳәоз еиԥш акафельтә хаҳә ҟьаԥс ықәҵатәын, аха ашкол адиректори арҵаҩцәеи иҟарҵаз аҳәарала аӷәтәы дашьма ала иҳаԥсахит. Иҭҳарҭәааит иалыркааз даҽа ашҭа хәыҷык, џьара-џьара амаакырақәа шьақәҳаргылеит. Ажәакала, ҳамч зықәхоз аҿы мап рцәымккәа ргәаҳәарақәа ҳархаҵгылеит", - иациҵоит Осиа.

© Foto / Музаффар ОстановСтройка
Гагратәи актәи аԥсуа школ ахархәарахь анашьҭразы иагу рҳәеит - Sputnik Аҧсны
Стройка

Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахь иаҵанакуеит иарку аҳаиртә аиасырҭақәа рыла еиԥшьу акорпусқәа ԥшьба, хԥа-хԥа еихагыла змоу аҵаратә процесс ахьымҩаԥысуа ҩ-ргыларак, еихагылак-еихагылак змоу акттәи аспорттәи залқәа. Ашкол ҿыц зныҭрыс иаднакыларц алшоит 700-ҩык ахәыҷқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0