https://sputnik-abkhazia.info/20191213/Gdoua-akiparisei-indiati-alilachyei-eiarait-1029013910.html
Гәдоуҭа акипарисқәеи индиатәи алилачықьқәеи еиҭарҳаит
Гәдоуҭа акипарисқәеи индиатәи алилачықьқәеи еиҭарҳаит
Sputnik Аҧсны
84 кипариси индиатәи лагерстремиеи (индиатәи алилачықь) ҷыдала Италиантәи иааргеит Гәдоуҭа ақалақь амҩадуқәа руак арԥшӡаразы. 13.12.2019, Sputnik Аҧсны
2019-12-13T19:02+0300
2019-12-13T19:02+0300
2019-12-13T19:02+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102901/06/1029010665_0:68:2000:1199_1920x0_80_0_0_ff29d87ab527b120deabc85847619064.jpg
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2019
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102901/06/1029010665_0:5:2000:1262_1920x0_80_0_0_5603aa8f63debabc7c8dcdda30930a22.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Гәдоуҭа акипарисқәеи индиатәи алилачықьқәеи еиҭарҳаит
84 кипариси индиатәи лагерстремиеи (индиатәи алилачықь) ҷыдала Италиантәи иааргеит Гәдоуҭа ақалақь амҩадуқәа руак арԥшӡаразы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гәдоуҭа ақалақь Афырхацәа рымҩаду аҿы 84 кипариси индиатәи лагерстремиеи (индиатәи алилачықь) ҷыдала Италиантәи иааганы еиҭарҳаит лҳәоит ақалақь ахадара адизаинер Кристина Гәымԥҳа.
Зынӡа 84 ҵла еиҭаҳауп: 42 кипариси 42 лилачықьи.
"Афырхацәа рымҩаду ақалақь амҩа хадақәа ируакуп. Иацы аиҭаҳара ҳалагеит. Акипарисқәа роурақәа ҩбаҟа метра иҟоуп. Лагерстремиа – х-метрак инаӡоит. Иахьа зегь еиҭаҳаны ҳалгоит", - лҳәоит адизаинер.
Амҩаду ариаҵәаразы миллион мааҭ рҟынӡа аԥара шәоуп. Аиҭаҳатәқәа Италиантәи иаагоуп. Иазыԥхьагәаҭоуп Арӡынба имҩагьы ариаҵәара.
Ари ауснагӡатә хацыркын 2018 шықәса рзы. Усҟан ақалақь ахадара иажәхьоу аҵлақәа ԥырҟеит Ӡиӡариа имҩаҿы. Урҭ рҭыԥ аҿы аҿақәа еиҭаҳан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: