Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Инаԥшьба Виктор Ӡиӡариа изы: иара "шәааи!" ҳәа шҳаиҳәаз еиԥш аӡәгьы иҳаимҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Инапшба
Даур Инапшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы, Аҟәа иалҵны Гәдоуҭаҟа инеиз ателехәаԥшра аусзуҩцәа, Лыхнытәи анхаҩы Виктор Ӡиӡариа ишидыикылаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәалаиршәеит Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Даур Инаԥшьба.
Инаԥшьба Оҭар Ӡиӡариа изы: иара "шәааи!" ҳәа шҳаиҳәаз еиԥш аӡәгьы иҳаимҳәеит

86 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Лыхны ақыҭан инхоз, аибашьра ашықәсқәа рзы ателехәаԥшра аусзуҩцәа здызкылаз Виктор Ӡиӡариа.

"Лыхны, Виктор Ӡиӡариа иҭаацәараҟны мышкы хынтә акраҳҿарҵон, ишабалакгьы акәымкәа, ирымаз рырахә-рышәахә, рыкәтқәа, ршәишәиқәа, руҭраҭых уҳәа, акы еигӡомызт ҳара ҳзы. Аџьырмыкьаҿы ицаны афатә ааргон, ҳара амла ҳамкырцаз. Аҟәантә ҳара ҳцәамаҭәа мацара шаҳшәыз ҳцеит, иааҳәхартә еиԥш аԥарагьы ҳамамызт. Иҟаларын, ҳныҟәгаразы Виктор Ӡиӡариа иаасҭагьы алшара змам дыҟазҭӷьы, аха иара "шәааи!" ҳәа шҳаиҳәаз еиԥш аӡәгьы иҳаимҳәеит. Ҳара аамҭаказы аибашьра ашьҭахьгьы ателехәаԥшра иадҳәалаз рыцхәк азгәаҳҭозар, Ӡиӡариаа аамгакәа аишәа-чара ҳахатәомызт. Даргьы аҳаблаҿы еиланхоз аижәлантәқәа зегьы чарак рыманы иҳарымҳәар руамызт, ҳаиҭынхацәаны ҳҟалеит", - ҳәа иҳәеит Инаԥшьба.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0