Адгьылбжьаха Пасха амаӡақәа аҵырдырааит

© CC0 / tupesa / Туристы на острове Пасхи
Туристы на острове Пасхи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарауаа адгьылбжьаха Пасха авулкан Рано Рараку амҵан игылоу ахаҳә ҳашҳатәрақәа -моаи рымаӡақәа рыҵдыраара акраамҭа иаҿуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. ЕАА, Зеландиа Ҿыц, Чили рҟынтәи археологцәеи аҵарауаа-дгьылҭҵааҩцәеи акраамҭатәи русурақәа рышьҭахь иазгәарҭеит адгьылбжьаха Пасха авулкан Рано Рараку амҵан игылоу ахаҳә ҳашҳатәрақәа –моаиқәа ззыргылаз аҽаҩраиураз ауп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Phys.org асаит.

Аҵарауаа ражәақәа рыла Рано Рараку акәша-мыкәша адгьыл ахимиатә еилазаара беиоуп афосфори акальции рыла. Арҭ амениралқәа аҽаҩразы акыр ихәарҭоуп.

Уи адагьы аҵарауаа иҟарҵаз анализқәа инарықәыршәаны ажәытәан ара еиуеиԥшым ауҭраҭых культурақәа рааӡон.

Аҳашҳатәра-моаиқәа адгьылбжьаха Пасха адунеиаҿ еиҳа амаӡа зҵоу ҭыԥны иҟарҵеит. Бжьаратәла 2000 шәышықәса раԥхьа зны ара аполинезцәа Рапануи рцивилизациа аҳра ауан. Ари ацивилизациа уахь европаа неиаанӡа иқәҵхьан. Уи мзызны иамоу аборигенцәа рыбжьара афатә-ажәтә азы аибашьрақәа роуп ҳәа иазырыԥхьаӡоит аҵарауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0