Амшынԥшаҳәаҿы апальмақәа реиҭаҳара хыркәшахоит ашықәс ҿыц аҟынӡа

© Sputnik / Томас ТхайцукАмшынԥшаҳәаҿы апальмақәа реиҭаҳара хыркәшахоит ашықәс ҿыц аҟынӡа
Амшынԥшаҳәаҿы апальмақәа реиҭаҳара хыркәшахоит ашықәс ҿыц аҟынӡа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апальмақәа "Вашингтониа", Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа ихатә харџь ала аҳҭнықалақь ҳамҭас иеиҭаз реиҭаҳара иалагеит ԥхынҷкәын 5 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа ихатә харџь ала аҳҭнықалақь ҳамҭас иеиҭаз апальмақәа реиҭаҳара хыркәшахоит ашықәс ҿыц аҟынӡа ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура.

Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы апальмақәа реиҭаҳара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Аҳамҭақәа ааргеит: Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы апальмақәа реиҭаҳара иалагеит

"Аусурақәа аплан инақәыршәаны имҩаԥысуеит. Ашықәс нҵәаанӡа аиҭаҳара ахьаҳагӡоит. Жәа-пальмак азхомызт, уажәы урҭгьы аахәоуп", - азгәарҭеит апресс-маҵзураҿы.

Иахьазы амшынԥшаҳәаҿы еиҭарҳахьеит 51 пальма. Анаплакҩы Даур Арӡынба иааихәаз апальмақәа нацҵаны зынӡа 70 ҵла ыҟоуп. Уи адагьы арҭ апальмақәа ыҵырлашаахоит.

Аханатә иазыԥхьагәаҭан апальмақәа Аԥсуа драмтеатр аҟынтәи акаҳуажәырҭа "Пингвин" аҟынӡа реиҭаҳара, аха иазхар амшынԥшаҳәа иаԥну амҩақәа рҿгьы еиҭаҳахар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0