Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион аҿы имҩаԥысуа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитрий Габлия
Дмитрий Габлия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион акультура аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыцаз араион ауааԥсыра рзы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ртәы.
Габлиа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион аҿы имҩаԥысуа аныҳәатә усмҩапӷатәқәа

"Ашықәс ҿыц аныҳәа ҳазыхиоуп, ԥхынҷкәынмза 20 инаркны ҳрылагоит аусмҩаԥгатәқәа. Маҷара, Акультуратә хан аҟны имҩаԥысуеит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа ааӡамҭацәеи Гәылрыԥшь араион абаҩхатәра злоу ахәыҷқәеи еилахәны аконцерт. Анаҩс, амза 22 рзы имҩаԥысуеит даҽа концертк, уи иалахәхоит Ольга Денисова напгхара зылҭо акәашаратә хәыҷтәы студиеи араион аҿы иҟоу ансамбльқәеи. Ԥхынҷқәын 24 рзы гәылрыԥшьынтә ахәыҷқәа атәыла ахада иҿы иҟало аԥсаӡҵла хада аныҳәа иалахәхоит. Амза 25 рзы акәзар араионтә хәыҷқәа зегы еизызго аныҳәа еиҿкаахоит. Аусмҩаԥгатәқәа хыркәшахоит амза 30 рзы атәылахьчара аминистрра аҟны имҩаԥаагоит аконцерт, ҳхәыҷқәа акәашаҩцәа ашәаҳәаҩцәа ҳрызцоит ҳаруаа рырлахҿыхразы", - ҳәа азгәеиҭеит Габлиа.

Шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0