Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа еиҭеиҳәеит "Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа" амҩаԥгара аҵакы атәы

© SputnikНури Кварчия
Нури Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит жәларбжьаратәи аконкурсқәеи афестивальқәеи рлауреатцәеи рдипломантцәеи злахәу аҳасабырбатә концерт шымҩаԥгахо, Аҟәа.
Кәарҷиа еиҭеиҳәеит "Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа" амҩаԥгара аҵакы атәы

"Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҟны имҩаԥысуа аконцерт иалахәхоит Аԥсны ахы-аҵыхәа 2019 шықәса иалагӡаны ибзианы зхы аазырԥшыз агәыԥқәа, хаҭалатәи ашәаҳәаҩцәа еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны аџьабаа збо аҟазацәа. Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аверсиала уи иалахәхо зегьы иреиӷьу агәыԥ  ҳәа иԥхьаӡоуп. Иааидкыланы ашықәсан имҩаԥыргаз русура алҵшәақәа еихшьаланы, иранашьахоит аҳамҭақәа "Иреиӷьу ахореографиатә гәыԥ", "Иреиӷьу аестрадатә шәаҳәаҩы", "Иреиӷьу афольклортә ансамбль", "Иреиӷьу ашәа аԥҵаҩы", уҳәа егьырҭгьы. Ари  аусмҩаԥгатә  зызку аџьабаа ду збаз агәыԥқәа, урҭ рнапхгаҩцәа ашықәс ҿыц алагамҭазы ҳамҭак иаҩызоу аҭагылазаашьа рзаԥҵароуп, ргәы шьҭнахырц, џьоукгьы дара  ирҿыԥшны русура еигьыртәырц  азы ауп", - иҳәеит Кәарҷиа.

Жәларбжьаратәи аконкурсқәеи афестивальқәеи рлауреатцәеи рдипломантцәеи злахәу аконцерт "Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа" мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын 18  рзы Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы, асааҭ 16 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0