Акаԥа ақыҭан амцарцәараҿ аҭыԥантәи ауааԥсыра ацхыраара руеит

Анапаҵаҩра
Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иахьаҵанакуа амцакра шыҟалаз гәаҭан асабша, ԥхынҷкәын 21 рзы. Уахь инашьҭын 20-ҩык рҟынӡа амцарцәаҩцәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik. Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иахьаҵанакуа игәаҭоуп амцакра ҭыԥ ҿыцқәа. Абри атәы Sputnik Аԥсны иазааицҳаит Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭимур Кәыҵниа.

Акаԥа ақыҭаҿ амцахәыҵҟьарақәа аҭыԥ рымоуп - Sputnik Аҧсны
Акаԥа ақыҭаҿ амцахәыҵҟьарақәа аҭыԥ рымоуп

Иара иажәақәа рыла ԥхынҷкәын 21 рзы хә-километрак инарзынаԥшу аҭыԥқәа рҟны амца ырцәан.

"Иацы амцарцәаҩцәа ашьыжь асааҭ 5 рҟынӡа аус руан. Атехника ухы иаурхәартә иҟамыз аҭыԥ ахьҿаҟьараз азы. Иахьа еиҭах амцакра ҿыцқәа гәаҭан. Уи иацтәи аҭыԥ иацәхыкуп. Амца арцәараз инашьҭуп 15 –ҩык амцарцәаҩцәа. уи адагьы амцарцәара инеиит аҭыԥантәи ауааԥсыра", - иҳәеит иара.

Акаԥа иҟоу амцеимҽхакыра жәа-гектарк рҟынӡа аҵанакуеит.

Раԥхьатәи амцакрақәа Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иахьаҵанакуа игәаҭан асабша, ԥхынҷкәын 21 рзы. Уахь инашьҭын 20 амцарцәаҩцәа рыбригада.

Иҟоу агәаанагарала амцакра зыхҟьаз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0