Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лазԥҳа: Европа инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа Аԥсны иадҳәалоу аиԥыларақәа гәхьааганы иҟоуп

© Foto / Amina Maria LazbaАмина Лазба
Амина Лазба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа Аҟәа имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны еиҭалҳәеит АААК аделегациа Европа атәылақәа рахь русутә ныҟәараан Германиа раҭаара шымҩаԥысыз.

 

Лазԥҳа: Европа инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа Аԥсны иадҳәалоу аиԥыларақәа гәхьааганы иҟоуп

Адунеизегьтәти аԥсуа-абаза конгрес Мраҭашәаратәи Европаҟа русутә ныҟәара мҩаԥсыуан ԥхынҷкәын 6 инаркны 16-нӡа. Аконгрес арегионалтә ҟәшақәа  аартхеит Британиа ду, Германиа, Нидерланды, Бельгиа. Иахьазы адунеи аҿы Аԥсуа-абаза конгресс арегионалтә ҟәшақәа 11 аартуп.

 

"27 шықәса ҵуеит Германиа аус ауеижьҭеи Аԥсуа культуратә хеидкыла, уи напхгара азиуеит Сезаи Чкок, еиднакылоит шәҩык инареиҳаны Бавариа инхо аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзагь инапынҵала уаҟагьы иаартын арегионалтә ҟәша. Уи анапхгаҩыс дҟалеит 40 шықәса инареиҳаны Германиа инхо Таифун Ԥачлиа. Егьырҭ акультуратә хеидкыла алахәцәа активла иалалеит иаартыз Аконгресс аҟәша. Исҳәар сҭахуп ҳажәлар рхаҭарнакцәа ҳаԥсадгьыл иадҳәалоу аиԥыларақәа гәхьааганы ишыҟоу, ицәажәацыԥхьаӡа иаҳа ргәы аатуан, Аконгресс аидеиақәа рныруан. Сгәаанагарала зегь раасҭа ргәы зырԥшааз аԥсышәала ацәажәароуп, реиҳараӡаҩык аԥсшәа рыздырӡом… Иаҳа еиӷьны ҳаилибакаарц азы иаҳзеиԥшу абызшәала ҳцәажәар ахәҭоуп, убри аҟынтәи ахшыҩҵак ыҟоуп проектк аҳасабала Германиа аԥсуа-абаза бызшәа акурсқәа раартра", - лҳәеит Лазԥҳа.

Лазԥҳа иазгәалҭеит, Германиа аиԥылара иалҵшәаны уи иалахәыз еицҿакны ишырыӡбаз уаҟа инхо аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа зегьы реиԥылара иааиуа ашықәс азы ныҳәаны амҩаԥгара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0