"Sputnik.Агәаанагарақәа": европаа реиҳараҩык Урыстәыла анаалара рҭахуп

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Sputnik.Агәаанагарақәа": европаа реиҳараҩык Урыстәыла анаалара рҭахуп
Sputnik.Агәаанагарақәа: европаа реиҳараҩык Урыстәыла анаалара рҭахуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Франциатәи аилахәыра IFop иатәу Sputnik News имҩаԥнагеит азҵаара-ҭҵаарақәа 2019 шықәса, жьҭаара 2 - 15 рзы Франциа, Британиа ду, Германиа, Италиа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik. Европа ауааԥсыра реиҳараҩык Урыстәыла ианаалатәуп ҳәа иршьоит. Абри атәы шьақәнарӷәӷәоит  "Sputnik.Агәаанагарақәа" а́́зҵаарақәа.

Ауаа зҭак ҟарҵоз азҵаарақәа абасеиԥш иҟан: "Асанкциақәеи аконтрсанкциақәеи ирхырҟьаны Урыстәылеи Евроеидгылеи рыбжьара аполитикатәии аекономикатәии еизыҟазаашьақәа бааԥсхеит. Ишәҭахума шәара Урыстәылеи Евроеидгылеи рыбжьара аполитикатәии аекономикатәии еизыҟазаашьақәа реиӷьхара?" - ҳәа.

© Sputnik"Sputnik.Агәаанагарақәа": Евроеидгыла иаҵанакуа атәыла дуқәа ирықәынхо ауааԥсыра реиҳараҩык Урыстәылатәи Афедерациеи дареи еинаалар рҭахуп
Sputnik.Агәаанагарақәа: европаа реиҳараҩык Урыстәыла анаалара рҭахуп - Sputnik Аҧсны
"Sputnik.Агәаанагарақәа": Евроеидгыла иаҵанакуа атәыла дуқәа ирықәынхо ауааԥсыра реиҳараҩык Урыстәылатәи Афедерациеи дареи еинаалар рҭахуп

А́́зҵаарақәа ирылахәын 4 012-ҩык ареспондентцәа, 18 шықәса ирҭысхьоу. Ареспондентцәа реиҳараҩык аизыҟазаашьақәа реиӷьхара рҭахуп: 84% анемеццәа, 78% италиаа, 75% афранцызцәа, 68% британиаа. Атәылақәа рыԥшьбагьы рҿы ахацәа реиҳараҩык арҭ аизыҟазаашьақәа реиӷьхара рҭахуп. Аизыҟазаашьақәа реиӷьхара еиҳарак иаҿагыло 35 шықәса ирҭымсыц, абжьаратә ҵара змоу аҿар роуп.

Евроеидгыла Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ирыцнаҵеит - Sputnik Аҧсны
Евроеидгыла Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ирыцнаҵеит

"Ари ибзианы иунарбоит ауаажәларратә хдырра аҽеиҭакра. Арҭ атәылақәа рҟны зҵарадырра ҳараку ауаа ибзианы еилыркаауеит Евроеидгыла атәылақәеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа реиӷьхара хра шамоу", - ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.

Олег Барцыц иажәақәа рыла, иумбарц залшом урыстәылатәи аинвестициатә џьармыкьа аинвесторцәа рзы аинтерес шаҵоу.

2018 шықәсазы ашьапылампыл азы ачемпионат хыԥхьаӡара рацәала ауаа ахьаҭаазгьы иунарбоит европаа реиҳараҩык Урыстәыла тәыла-агрессорны ишахәамԥшуа.

Олег Барцыц акультуратә контекстгьы далацәажәеит. Иазгәеиҭеит Урыстәыла амабзиара зҭаху европаа рзы уи акыр шаҵанакуа.

"Урыстәыла, ҳәарада, Европа иузаҟәымыҭхо ахәҭоуп. Аҵара змоу ауаагьы ибзианы ирдыруеит Урыстәыла акультуратә багаж ду шамоу. Дара рзы Толстои, Достоевски, Чаиковски уҳәа рыхьыӡқәа акыр рыҵаркуеит. Еилыркаауеит адунеитә культура урыстәылатәи аҟазара ада ишзынаӡам", - иҳәеит иара.

Барцыц игәаанагарала, Урыстәылеи Европеи реизыҟазаашьа бзиа альтернатива амаӡам. Олег Барцыц иазгәеиҭеит иарбанзаалак хра змоу зҵаарак Урыстәыла ада Европа аӡбара шалымшо.

Урыстәыла ахада Владимир Путин есышықәсатәи ипресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Путин Sputnik Естониа аҭагылазаашьазы: аиаша иахьацәшәо аҭыԥқәа рҟны аус улатәуп

Sputnik – иналукааша жәларбжьаратәи амассатә информациатә хархәага, 32 бызшәа рыла иҟоу аинтернет-саитқәа еидызкыло, амультимедиатә информациатә хабқәа зманы, жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу ажәабжьтә маҵзуроуп, арадиоефиргьы амоуп. Sputnik ахь иаҵанакуеит 30 рҟынӡа асаитқәа, аналогтәи, ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә хархәагақәеи асоциалтә ҳақәеи рҟны адаҟьақәа. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла. Sputnik аудиториа 50 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит, Sputnik China аккаунт анапаҵаҩцәа 9 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп. Пекин инаркны Монтевидео аҟынӡа аредакциақәа рҿы аус руеит зықьҩыла еиуеиԥшым амилаҭ ирыҵаркуа ауаа. Sputnik амедиагәыԥ "Россия сегодня" иаҵанакуеит. Sputnik аофис хада Москва аус ауеит.

Ауаажәларра ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩыс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, Forsa, iFop. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵак ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0