Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба "Ашықәс азы иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" лусумҭазы: ахьы хәыҷуп, аха ахә ҳаракуп

© SputnikВиссарион Ҵәыџьба
Виссарион Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Виссарион Ҵәыџьба иреиӷьу асахьаҭахыҩ ҳәа иалкааз Сабина Кәарҷелиаԥҳа лусумҭа ахәшьара аиҭеит арадио Sputnik аефир аҟны.

Аицлабратә цәыргақәҵа "Ашықәс азы иреиӷьу асахьаҭыхҩы" ахь инашьҭын 73 усумҭа 45-ҩык авторцәа рҟынтә. Актәи аҭыԥ ланашьан Сабина Кәарҷелиаԥҳа, аҩбатәи – Мактина Ҵәыџьԥҳа, ахԥатәи - Адгәыр Ԥлиа.

Аицлабратә цәыргақәҵа "Ашықәс азы иреиӷьу асахьаҭыхҩы" мҩаԥыргоит 2002 шықәса раахыижьҭеи Аԥсны Акультура аминистрреи Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи. Уи хықәкы хадас иамоуп Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа адгылара рыҭара, асахьаҭыхратә ҟазара арҿиара.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьба аицлабра "Ашықәс азы иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" иазкны

"…43 ҩык асахьаҭыхыҩцәа ираԥылгеит сынтәа Сабина Кәарҷелиаԥҳа, лусумҭа аимпрессионизм иазааигәоуп уҳәар алшоит. Иара шәага-загала имаҷуп, аха исахьарку аԥҵамҭа инакәызаалак шәагаала иҟам. Асахьаҭыхра иашьцылам, бзиа изымбо илаҿы имааиргьы ҟалоит уи, аха ахьы хәыҷны ахә дууп. Аусумҭа баҩхатәрала, хаҭабзиарала иаԥҵоу ауп", - иҳәеит Ҵәыџьба.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0