АҞӘА, ԥхынҷкәын 26- Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аиҳабыра ахаша, ԥхынҷкәын 25 рзы азин ҟанаҵеит ЕАЕ "Гром" Аҟәа араион Каман ақыҭан аӡыржәтә аҵхреи анаҩс ахархәареи рзы.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба иазгәеиҭеит ақәҵара "Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьыл иҵо абеиаhақәа рзы" азакәан ишақәшәо.
Аминистрцәа реилазаара аӡбра еицҿакрыла иақәшаҳаҭхеит.