Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит 2020-тәи ашықәс азы амода иақәшәо ашәҵатәы зеиԥшроу

© Sputnik / Томас ТхайцукЛолита Квициния
Лолита Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи амодақәа рыҩны аӡахҩы Лолита Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит 2020-тәи ашықәс азы амодаҟны иаҳа аԥыжәара зырҭо ашәҵатәы аӡахышьеи аԥшшәқәеи ртәы.
Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит 2020-тәи ашықәс азы амода иақәшәо ашәҵатәы зеиԥшроу

"Иаагозар иҳаҩсыз ашықәс, аӡӷабцәа аҿарацәа иҿарҵоз аҵкқәа рцәа иадшәалозҭгьы, ҳазҭалаз ашықәс азы иаҳа рыҽдырҭбааит, аелементқәа маҷны иаларгало иалагеит. Аԥыжәара агоит ахырхарҭа иаҳа имаҷны аԥшшәы злоу, имариоу аӡахышьа, аиҿартәашьа. Иаҳҳәап, аҭыԥҳа аҵкы ҿалҵозар, маӷрак амамзар ауеит, акостиум ҿалҵозар, аиқәа ахы ҭшәацәамкәа, аура хәыҷык иааркьаҿны, акьаҿ акәзар маҷк инарҭбааны, ажәҩахырқәа ус, уахьлыхәаԥшуа аӡӷаб хәыҷык илацәдуума уҳәартә еиԥш. Аԥшшәқәа ракәзар, иҳаҩсыз ашықәс азы иаҳа имодан аҩежь, аиаҵәа, аҟаԥшь, ахәаԥшшәы, ашкәакәа иазааигәаз аԥштәқәа. Ҳазҭалаз ашықәсан иаҳа амода иақәшәо аиаҵәа аԥшшәы ажәҩан иазааигәоу ауп", - лҳәеит Лолита Кәыҵниаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0