Смыр: амчреи аоппозициеи рыдгылаҩцәа реиҿанагалара алмыршароуп

© SputnikАҩныҵҟатәи аусқәа рминистр далацәажәоит амилициа русура арежим ҷыда
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр далацәажәоит амилициа русура арежим ҷыда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 9-10 ауха иаашаанӡа аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа игылан. Шьыжьнаҵы аҭагылазаашьа ҭынчын.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ахада Иусбарҭа акәша-мыкәша иҷаԥшьоит амилициеи, амчратә аҟәша ҷыдақәеи русзуҩцәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр.

Иара иажәақәа рыла азинхьчаратә усбарҭақәа ирыдҵа хаданы иҟоу амчра адгылаҩцәеи аоппозициа адгылаҩцәеи реиҿанагалара алмыршароуп.

"Ҳусзуҩцәа рнапынҵақәа нарыгӡоит. Азинхьчаратә усбарҭақәа ирыдҵа хаданы иҟоу амчра адгылаҩцәеи аоппозициа адгылаҩцәеи реиҿанагалара алмыршароуп", - иҳәоит аминистр.

Ашьыжь ақалақь агәаҿы ахысбыжьқәа гон, аха Раули Смыр иҳәеит ахада Иусбарҭа ааигәара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа.

Sputnik Аԥсны акорреспондент ишаалыцҳауа ала ашьыжь, асааҭ 7:30 рзы шәҩык инарзынаԥшуа ауаа еилагылан, иҭынчран аҭыԥ аҿы. Ахыбра аӡәгьы дыҩнарҵом.

Абри ашьҭахь акорреспондент иаалыцҳаит амитинг иалахәыз руаӡәк ацхыраара ласы ишизаԥхьаз.

Подведение итогов президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба ипресс-маҵзура Апарламент ақәҵаразы: атәылаҿы аҭагылазаашьа еицәанатәуеит

Аоппозициаа рыдгылаҩцәа, иаҳхысыз атәыла ахада иалхра алҵшәақәа иашам ҳәа иԥхьаӡаны Аҟәа еизеит ажьырныҳәа 9 рзы. Акциа хацыркын Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Аамҭақәак рышьҭахь еизаз атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит.

Иара убри аамҭазы, ажьырныҳәа 9 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ аилатәара хацнаркит ахашшааратә инстанциа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала.

Аилатәара далахәын – Алхас Кәыҵниа.

Азашшҩы иинтересқәа лыхьчоит адукат Инга Габилаиаԥҳа, аҭакҟаҵаҩ иинтересқәа рыхьчоит азиндырыҩ Гиви Габниа, адукат Марина Ҭаниаԥҳа, адукат Кристина Габелиаԥҳа, азиндырыҩ Дмитри Шамба.

Ахашшааратә комиссиа иалахәын аӡбаҩцәа: Ҭеимыр Ҭарба, Роман Кәарҷиа, Лиа Адлеиаԥҳа.

Убри аамҭазы, асааҭ 13:00 рзы аҿагыларатә акциа хацыркын Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Дара азыԥшын Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара иҟанаҵараны иҟаз алкаақәа.

Аилатәара хыртын асааҭ 12:00 рзы.

Асааҭ 13:15 рзы зықьҩык инарзынаԥшуа акциа алахәылацәа ахада Иусбарҭа ахыбра аҿаԥхьаҟа ииасит.

Аоппозициаа дҵаны иҟарҵоит Рауль Ҳаџьымба иалхра еиҭахәаԥштәуп ҳәа.

Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Ахада Иусбарҭа ажәлареи, Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵақәеи: амитинг алкаақәа

Асааҭ 13:30 рзы акциа алахәылацәа ахыбра иажәланы ашәқәа ҿырхит, аԥенџьырқәа рсаркьақәа ԥырыҽҽит, ахыбра аҩныҵҟагьы аҩналара иалагеит.

Асааҭ 14:30 рзы ахыбра иҩналеит. Убри аан урҭ аҳәара рырҭон амазара иаламкьысырц, аԥхасҭа ҟарымҵарц.

Асааҭ 15:00 рзы амитинг алахәылацәа ахыбра рнапахьы иааргеит. Абри ашьҭахь амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәа русзуҩцәеи реиҿагылара еиқәтәеит.

Алхас Кәыҵниа аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭо иҳәеит аус аҭышәныртәалара адепутаттә корпус адыԥхьалатәуп ҳәа.

"Аҭагылазаашьа ҳампыҵҟьар ҳҳәынҭқарра ҳцәыӡыр алшоит. Уи ҟалашьа амам. Адепутатцәа ргәаанагра рҳәароуп" ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа Апарламент аҿы еизеит иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Рауль Ҳаџьымба иааинырсланы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иаҭахханы иҟалозар аатәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахоит ҳәа.

Атәыла ахада ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭынчра аадырԥшырц.

Экстренное заседание депутатов парламента - Sputnik Аҧсны
Адепутатцәа ахада имаҵура шьҭеиҵаразы ақәҵара рыдыркылеит

"Аконституциа агарантк иҳасаб ала аҭагылазаашьа азинтә шьаҭа иацәхьамҵырц азы иахәҭаны иҟоу анапынҵақәа зегь ҟасҵахьеит. Имариам абри аҭагылазаашьа аан ҳара ахынкылара ааҳарԥшыроуп, ҳҳәынҭқарра аҵшәаара алаҳмыршароуп", - иҳәеит иара.

Асааҭ 19:00 рзы аоппозициатә мчрақәа рблок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа Аҟәаҟа дааит. Иара ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз рахь днеиит.

Амитинг алахәылацәа уи напеинҟьарала иԥылеит.

Ажьырныҳәа 9 ауха Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәашьҭеиҵарц азы.

Абри азы рыбжьы рҭиит 19-ҩык адепутатцәа, ԥшьҩык аҿагылеит, аӡәы иҽацәхьеикит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0