Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Табаӷәуа: ишьақәгылаз аҭагылазаашьа закәанла ишԥалҵри ҳәа ихәыцуеит адепутатцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Табагуа
Батал Табагуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар реизара адепутат Баҭал Табагәуа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит адепутатцәа реиҳараҩык русураҟны иҟоуп ҳәа.
Табагәуа: ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ закәанла ишԥалҵри ҳәа ихәыцуеит адепутатцәа

"Апарламент иалоу зегьыцәҟьа ракәымзаргьы аиҳараҩык ара иҟоуп. Бзиарас иҟоу ҳәа сгәы иаанаго, апарламент иалоу дазусҭзаалак, иарбан партиоу дызлазаалакгьы дазымхәыцкәа ари аҭагылазаашьаҟны аҳәынҭқарра иахәо, ажәлар ирыхәо, ауадаҩра иԥшӡаны, азакәан ишаҳәо ҳашԥалҵри ҳәа ихәыцуеит. Сара исызҳәом аӡәы ҽакала ихы мҩаԥигоит ҳәа", - иҳәеит Табагәуа.

Иара иазгәеиҭеит ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа уадаҩ алҵшьа азакәан аҟны иарбоуп ҳәа.

Экстренное заседание депутатов парламента - Sputnik Аҧсны
Адепутатцәа ахада имаҵура шьҭеиҵаразы ақәҵара рыдыркылеит

"Ҳара апарламент ҳгәаанагара жәдыруеит, иаха ажәа ҳашьҭит, аҳәынҭқарра ахада иҟоу аҭагылазаашьа дазхәыцны арзаҳал ииҩып ҳәа ҳгәы иаанагоит", - иҳәеит Табагәуа.

Иацы ахәылбыҽха адепутатцәа гәыԥҩык Аԥсны ахада иԥылеит, урҭ иарҳәеит аҿагыларатә митинг алахәцәа рыдҵақәа ртәы. Анаҩс Жәлар реизара изаамҭанытәым аилатәараҟны адепутатцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Уи инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟаҵоуп  инапынҵақәа шьҭеиҵарц азы. Аԥсны ахада ипресс-маҵзура аҭактә ҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит," -ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.

Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы. Иахьазы Аԥсны ахада иусбарҭа, апарламент, аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0