"Хымԥада, иҿыцу аныҳәақәа ҳаларгалоит. Уи аԥсҭазаара ауп иҟазҵо. Аҵыхәтәантәи аамҭазы амассатә коммуникациақәа ирыбзоураны еиуеиԥшым атәылақәа рҟны ахҭысқәа адунеи иахыҵәоит. Аныҳәақәа ртәы ҳҳәозар, иԥшьоу Валентин имш аума, еиҳарак уи ашьаҭа ахьакуа аҿар рҟны ауп. Хәыҷы-хәыҷ инеимдо ашықәсқәа анцалак, ашьапы акуеит. Ҳара ҳтәы имаҷны инаҳгоит, насгьы, ишаҳдыруагьы, ҳацәхьаҵуашәа иҟоуп. Хацәыԥхашьоит, наҟынтәи иааз атәым иаҳа еиӷьушәа ҳбоит, аҿар ргәацԥыҳәаны ишьҭырхуеит. Иԥшьоу Валентин иныҳәа анаҩс зшьапы зкхьоу иреиуоуп Хеллоуин. Изакәу, изыхҟьаз рыздыруам аҿар, аха ныҳәак, хәмаррак аҳасабала ирыдкыланы имҩаԥыргоит", - иҳәеит Аҩӡба.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир ала адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.
Иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит:
-
Ашәба аныҳәақәа ирызкны: ахы-аҵыхәа ҭымҵаакәа аԥсуа иныҟәигоит ҳәа далагомызт