00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсныҟа даауеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада ицхырааҩ Владислав Сурков

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсныҟа даауеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада ицхырааҩ Владислав Сурков
Аԥсныҟа даауеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада ицхырааҩ Владислав Сурков - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы Аԥсныҟа ажьырныҳәа 10 рзы даахьан Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев, Урыстәыла азинхьчаратәи амчратәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рделегациа дацны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владислав Сурков Аԥсныҟа даауеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.

"Хара имгакәа реиԥылара ҟалоит, асааҭ 19:00 рзеиԥш", - иҳәеит Аршба.

Арахь иаара хықәкыс иамоуп атәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ аҭышәныртәалара, иациҵеит Аршба. Ҳаџьымбеи Суркови еиқәшәо еиқәымшәо атәы макьана еилкаам.

Хаџьымбеи Нургалиеви еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымбеи Нургалиеви еиԥылеит

Аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы Аԥсныҟа ажьырныҳәа 10 рзы даахьан Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев, Урыстәыла азинхьчаратәи амчратәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рделегациа дацны. Иара диԥылеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, реиԥылараҟны излацәажәоз атәы дмырзеит.

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аҟны иазгәарҭеит асабшеи амҽышеи аилацәажәарақәа шымҩаԥысуаз. Иара убас ирҳәеит аганқәа аилибакаарахь икылибагарц шрабжьигоз.

Аҟәа аԥшьаша, ажьырныҳәа 9 рзы аҿагыларатә акциақәа ирылагеит, аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада инапынҵақәа аанижьырц адҵа ҟарҵоит.

Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа цәыббрамзазы имҩасыз ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ аӡбамҭа закәаным ҳәа иазханаҵеит.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба аоппозициаа раԥхьагыла Аслан Бжьаниа диԥылеит

Ҳаџьымба ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа дахашшаарц игәы иҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь.

Ахада иалхрақәа ҩаԥхьа имҩаԥысны ахада ҿыц инапынҵақәа дырхагылаанӡа азакәан инақәыршәаны аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа наигӡалоит Рауль Ҳаџьымба.

Аха аоппозициа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа амитинг шымҩаԥнагац имҩаԥнагоит, урҭ Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа шықәдыргылац иқәдыргылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0