Ҳагба Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьазы: амилаҭтә хдырра аарԥштәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Ҳагба
Беслан Ҳагба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит ҳтәылаҿы имҩаԥысуа аполитикатә хҭысқәа рыӡбаразы акомпромисс ӷәӷәақәа шыҟаҵатәу.

 

Ҳагба Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьазы: амилаҭтә хдырра аарԥштәуп

"Макьана иҟоу аиҿагыларатә форма Алхратә комиссиа хада ақәҵара иамнамхыр ҟалоит. Аԥсны алхрақәа аҵыхәтәантәи аамҭазы, џьара гәыԥқәак ақәыӷәӷәара арҭоит. Урҭ ирцырҟьоу нас ахҭыс аҿиара аиуеит. Алхрақәа рылҵшәа ҳадаҳкыларгьы, иалырхуа аполитик аус ахьынӡаиуа уи дышнеиз ала адырга шимац имазаауеит. Ас еиԥш аҭагылазаашьа анышьақәгылалак, ауаажәларратә гәыԥқәа ирыдыркылоит ахҭысқәа иҟалаз зегьы рылҵразы, џьара ҿҳәарак аҭаны, алхрақәа мҩаԥаагаразы. Иара алхратә комиссиагьы ирыдыркылаз ақәҵара егьырҭ аполитикатә еиҿкаарақәа иргәамԥхар, нас иҟалои? Абри ҳалымҵӡакәа абас ҳаҿызаауама? Ара иҟаҵатәу акомпромисс ӷәӷәақәа роуп, аиҿагыларатә форма змоу амч аҿы инеирц зҭаху иаадырԥшыр ауп амилаҭҭә хдырра. Аԥыза Аԥсны дшамам иаҳнарбеит ари ахҭыс", - иҳәеит Ҳагба.

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0