00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. В чем главная тайна Достоевского?
14:04
23 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Как Достоевский создавал психологию 5D
14:33
24 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аламиа: ҳҽааныҳамкылар, ҳхы мацара акәым, уаҵәтәи абиԥарагьы ҳарԥырхагахар ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГеннади Аламиа
Геннади Аламиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә усзуҩ, апоет Геннади Аламиа арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит.

 

Хра злоу ахҭысқәа: Аламиа Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа иазкны

"Ҳара адемократиатә ҳәынҭқарроуп ҳәа Аконституциа ҳадаҳкылеит. Адемократиатә ҳәынҭқарраҟны амчра зтәу ажәлар роуп. Аха дара рымч есымша еизаны акы иаҿагылоит ҳәа акәӡам иаанаго, иалырхыз, зыгәра ганы абжьы зырҭаз ирыӡбо иҟамлар, ахәынҭқарраҿы акгьы зыҟалаӡом. Есымша аидыслара аныҟалалак, ажәлар еизаны наҟ-ааҟ еиҿаргыло, имариахоит аус иахьакәым ахы архара. Ус акәымкәа ажәлар иалырхыз еиқәшаҳаҭымзаргьы еидтәаланы акаҿы икылсуа ианырыӡбалак, убри ауп адемократиа.

 

Аҿар изырзымдыруеи ҳәа вба дук руҭар ҟалаӡом, изыӷрагылатәым иаӷрагыло иҟаумҵароуп, изырзымдыруагьы ҳара ҳауп (аиҳабацәа - аред.) изхароу… Ауаа ржьара аҭахӡам, ани дҽеимызт, сара снеир - атәыла сырбгоит ҳәа. 

Аҳәынҭқарра ҳазхәыцроуп. Бзиоуп, иҳагу рацәоуп, царҭа амакәа ирацәоуп, аха иахьа ҳашцо ҳцалар, уаҵәы агхагьы ҟалаӡом, абзиагьы ацәгьагьы  ҟалаӡом, иара аҳәынҭқаррагьы ҟалаӡом. Убасҟан ауп ҳмышьхәылҵкәа ҳанрыцҳауа ҳаныҟало. Убри аҿар азхәыцха рызымҭо, иажәызҵо ауаа аус иақәыршәатәуп ҳәа схәыцуеит. Ҳара ҳхы мацара акәымкәа ,уаҵәы игыло абиԥарагьы ҳарԥырхагахар ҟалоит, ҳазхәыцны хәыҷык ҳҽааныҳамкылар", - иҳәеит Аламиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0