Атәыла ахада инапынҵақәа наигӡалоит аԥыза-министр Валери Бганба

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Бганба
Валерий Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь ажьырныҳәа 12 рзы арзаҳал наишьҭит инапынҵақәа шышьҭеиҵо ала.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо изы ақәҵара апроект рыдыркылеит.

Аиҭалхрақәа мҩаԥысаанӡа атәыла ахада инапынҵақәа наигӡалоит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба, адепутатцәа ирыдыркылаз Ақәҵара инақәыршәаны. Абри атәы ааицаҳаеит ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизарахь арзаҳал наишьҭит ажьырныҳәа 12 рзы инапынҵақәа шышьҭеиҵо ала. Адепутатцәа уи рыдыркылеит.

Ԥшьымш рыҩнуҵҟа акциа иалахәыз ауаа аамҭақәак раԥхьа Рауль Ҳаџьымба дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дачахь инеит. Шәҩыла аоппозициа адгылаҩцәа аҳәынҭқарратә дача акәша-мыкәша еизеит, Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵа ҟаҵо.

Аслан Барциц - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Аслан Барцыц ԥхьатәара дцеит

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны уаанӡатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Апарламент ԥасатәи адепутат Сергеи Шамба амитинг алахәылацәа ирылеиҳәеит Рауль Ҳаџьымба аҭел дизасны ажәа шииҭаз ԥхьатәара дышцо азы арзаҳал инапы шаҵеиҩуа.

Арзаҳал инапы аҵаиҩит ҳәа Шамба абжьыҭгага ала ауаа ирылеиҳәеит. Еилагылаз уи напеинҟьарыла ирыдыркылеит.

Ажьырныҳәа 12 рзы ҽынла Рауль Ҳаџьымба диԥылахьан аоппозициа ахада Аслан Бжьаниа. Аиԥылара иалахәын Аслан Барцыц, Муҳаммад Кьылба, Алхас Кәыҵниа. Аицәажәара далахәын иара убасгьы Рашид Нургалиев. Ари аиԥылараан Бжьаниа Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц шидигалаз иҳәеит. Рашид Нургалиев аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы акахьы иааибагарц рабжьигеит.

Аԥсны Апарламент Рауль Ҳаџьымба иԥхьатәара аднакылеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент Рауль Ҳаџьымба иԥхьатәара аднакылеит

Ажьырныҳәа 9 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа аҿагыларатә акциа хацдыркит, ахада иԥхьатәара дҵаны иҟаҵо. Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ҭагалантәи алхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ иаднакылаз иашамызт ҳәа ахырҳәааит.

Амҽыша, ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иалнахит аҳәынҭқарра ахада иалхра ҿыцқәа ррыцхә. Урҭ ҟалоит хәажәкыра 22, 2020 шықәса рзы. Азакәан инақәыршәаны, ркандидатурақәа ықәдыргылар ҟалоит акандидатцәа ҿыцқәеи уаанӡатәи акандидатцәеи.

Валери Бганба ибиографиа

Валери Бганба диит цәыббра 26, 1953 шықәса рзы Гагра араион Бзыԥ ақыҭаҿ.

1969 шықәса рзы далгеит Бзыԥтәи абжьаратә школ №1.

1971 шықәса рзы Ҟәбинатәи ақыҭанхамҩатә институт дҭалеит, далгеит 1976 шықәса рзы.

1976 — 1978 шш. рзы – Чечниа-Ингуштәи АССР асовхоз "Гардалинский" агроном.

1978-1979шш. – Гагратәи ақалақьтә нагӡком ақыҭанхамҩа аусбарҭа агроном.

1979-1982шш. – Гагратәи акомҿареидгыла ақалақьтә комитет аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ.

1982ш. рзы – Гагра КПСС ақалақьтә комитет ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы.

1989ш. рзы – Гагратәи агроааглыхратә усбарҭа аиҳабы.

1991 шықәсазы Валери Бганба Аԥсны Иреиҳаӡоу асовет адепутатс далхын.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Гагра ақалақьи араиони рыхьчаразы аштаб далахәылан.

СОВЕЩАНИЕ С МИНИСТРАМИ - Sputnik Аҧсны
Валери Бганба Аминистрцәа реилазаара аусура атәы далацәажәеит

1998ш. рзы – Гагра араион аизара ахантәаҩы.

2002 — 2006 шш. рзы – Гагра араион Ахада.

2006 - 2007 шш. рзы — асанатори СП "Амра-Интернешнл" адиректор.

2007 — 2012 шш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутат.

2012 ш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аиҳабы.

2014 ш. рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа наигӡон.

Цәыббра 18, 2018 шықәса рзы Аԥсны аԥыза-министрс дҟаҵоуп.

Ажьырныҳәа 13, 2020 шықәса рзы Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара данца ашьҭахь, Аԥсны ахада инапынҵақәа наигӡоит.

Аорден "Ахьӡ-Аԥша" ("Честь и Слава") II аҩаӡара ианашьоуп (2011).

Дҭаацәароуп, ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи драбуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0