Имҵаныҳәон, ихьӡ ианықәуан: аԥсуа традициатә динтә дунеиқәыԥшылараҿы Шьашәы иҭыԥ

© Sputnik / Асмат ЦвижбаПразднование Ажьырныхуа в селе Бамбора
Празднование Ажьырныхуа в селе Бамбора  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Марина Барцыцԥҳа лҽазылшәеит ижәытәӡатәиу анцәахәы Шьашәы аԥсуа традициатә динтә дунеиқәыԥшылараҿы иааникыло аҭыԥ ашьақәыргылара.

Шьашәы акрызҵазкуа нцәахәуп аԥсуаа итрадициатәу рмилаҭтә дин анцәахәқәа рпантеон аҟны. Азқьышықәсқәа ирылсны иахьанӡа иааӡеит иара икульт.

Ажьырныҳәа - Sputnik Аҧсны
"Афырхы анапахьы аагара": Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи иахьатәи уи аҵаки

Аха иара ус иаармарианы баша жьирак иахылаԥшуа мацара иакәӡам. Нарҭаа репос аҟны иҟоу адоуҳамч ду змаз Аинар-жьи дааиваргылан "бог-кузнец" ҳәа зны-зынла ишырыҩуа еиԥш ииашамзар ҟалап. Уи џьаргьы даҳбаӡом джьиуа, ахнапык ҳәа изышьҭоу ажьи имаругақәа: ажьаҳәеи, арыҭәеи, аԥсынгьарии ауаа иара иҟынтә ироузаргьы.

Ажәлар рдинтә мифологиатә дунеихәаԥшраҿы ҳазшаз Анцәа ду ишьҭанеиуа Афыи Шьашәи иааимаркуа, еиваҟәыло иҟоуп. Раԥхьаӡа адунеи аҟны ауаҩы аихалых иибаз, ихы иаирхәаз аметеорит еиха ауп, абырзал, Афы рхы, Шьашәы рхы ҳәа ззырҳәоз. 3 нызқь шықәса раԥхьа Кавказ амаден ыҵхра излагахьаз, абаҩи аџьази рырҭәареи, ажьиреи мацара ракәмызт дызхылаԥшуаз ҳазлацәажәо анцәахәы. Уи ауаҩы иԥсреи ибзареи знапаҿы иҟаз, аиаша жәҩани-дгьыли рҿы ашьақәыргылара зылшоз нцәахәык иеиԥш ихәаԥшуан.

Зылԥха ҳаура Шьашәы ахьаҳду егьырҭ дызлареиԥшымыз иеиуоуп – аханатә иахьимаз ахаҿырацәара (полиперсонализм-аред.). Уажәгьы ажәлар рҿы иуаҳауеит: "Шьашәы бжьныха" "Шьашәы абжьцәымза", аныҳәаҩцәагьы 7 цәымзак кны ихьӡала иныҳәо ыҟоуп. Аха уажәшьҭа, шамахамзар, даӡәны иӡбахә ҳҳәоит иахьа. Убригьы ишьақәнарӷәӷәоит акырӡа зхыҵуа нцәахәны дышҳамоу. Шьашәы идагьы Аиҭар изгьы иаҳҳәоит "Аиҭар бжьеиҭар" ҳәа (семидольность-аред.). Аха Анцәа ду изы ауп арацәа хыԥхьаӡара аԥсуаа рхы иахьадырҳәало, уигьы еиҳа ажәытәра аамҭа иатәны: Анцәа р-ныҳәара, Анцәа р-ашәа, Анцәа р-ан. Нас ишнеиуаз даӡәыкхеит.

Шәышықәса раԥхьа Дырмит Гәлиа ианиҵаз ажәлар рҳәамҭақәа рыла Шьашәы бжьҩеишьцәа ыҟан, рашьеиҳаб Шьашәырха иакәын ҳәа рҳәон. Аҭәҳәа аҟны иаҳԥылоит: "Шьашәы бжьҩеишьцәа" ҳәа. Шьашәы арацәа хыԥхьаӡаралагьы иӡбахә зҳәо иатрибутқәа иреиуоуп: Шьашәы –рхы, рхәымпал (лук), рқәаб, реикәаӷа, рмазакәыл (шар,колобок), рҵәымӷ, убас иҵегьы.

Аҵарауаҩ Руслан Гәажәба иматериалқәа рыла иҟоуп Шьашәымра. Еицырдыруаз ажәабжьҳәаҩ Тәан Кәыҷа иажәақәа рыла "Шьашәы Амра аиҳа мчла деиҳан. Аҵхи амши еилыргаҩыс дыҟан. "Угыл, нан, шьҭа, агылара иаамҭоуп, аҵарақәа урҟаҭәаанӡа, Шьашәы ишәахәа уҿаҷҷаанӡа". (Ишдыру еиԥш, аԥсуаа рытрадициаҿ Хьачхәамазгьы шарԥазы угыланы акы унацҳароуп, аҵарақәа урҟаҭәаанӡа).

Габниаԥҳа: ажьырныҳәа амчра дуӡӡа змоу ныҳәоуп

Нарҭаа репос аҟны, Сасрыҟәа иԥсырҭа ахьыҟаз иашьцәа ирыҵазҳәаз аџьныш ҭакәажә дырԥылеит амаҭаԥшь ҟамчыс икны "Шьашә рарбаӷь дақәтәан". Афольклористцәа рматериалқәа рҿы, еиҳарак Валентин Кәаӷәаниа аҭәҳәақәа реизга итомқәа рҟны убасгьы иуԥылоит "Шьашәы рыдаӷьцәа, "Шьашәы рцәыӷьцәа-быӷьцәа акәыршоуп" ҳәа.

Саҭанеи Гәашьа лмыткәмаҿы "Шьашәы имҩа" лҳәоит: "Шьашәимҩа зымбаз; мрагылара зымбаз; мраҭашәара зымбаз уара…".

Ари анцәахәы жәҩани дгьыли, уимоу аҵангьы (тартарары - аред.) ишиҭаху аԥшәмара ааникылоит, аусгьы еилиргон, иахьырхәтәызгьы дахьирхәуан, иахьақәнагазгьы деинраалаҩын.

Тәан Кәыҷа еиҭеиҳәон: "Амреи амзеи мзызк рхалан ишакәым еивҵанагалеит. Урҭ рус аилыргара Шьашәы идагь уаҩ дахәомызт. ..Аҵасқәа еилазгаз Шьашәы дгәаан, дҟәиблааит Амза. Аринахысгьы дсымбааит ҳәа лҭыԥ дықәицеит. Наҟ хара лбаа нхара дишьҭит. Шьашәы: "егьараан исҳәахьазар, бара уаҩра зцәыӡыз, ҳҵас еилазгаз!- иҳәан, илаԥш налгәыдиҵан, уи акәхеит - Амза иара уа дҟәыблааны рышҭа дықәицеит, даҽа дгьыл харак ахь. Уинахыс Амза жәҩангәашәԥхьара далхәдаан длаиртәеит".

Нарҭаа ражәабжь аҿы уи деинраалаҩуп: аԥҭақәеи аишьцәа еиҳабацәеи ишакәым ианеивҵанагала, аибашьра згәы иҭаз лыҷкәынцәа дрыхӡыӡаауа, ран Саҭанеи Гәашьа лыҳәарала, Шьашәы даарыбжьаҟазан, аԥҭақәа рхицеит.

Аԥсуаа рышәиирақәа, ажьираҿы абӷара, ма ахрыцқьара ақәра аан Шьашәы цәгьа зуз цәгьа дақәзыршәо, дахьзырхәуа мчны (наказующая десница - ред.) даарԥшуп. "Шьашәы дҭарблааит", мамзаргьы ахҿыхра аан "Абри ажьаҳәала Шьашәы-абжьныха схы дасааит!" рҳәон.

Анцәахәқәа Афыи Шьашәи еицырзеиԥшны ирымоуп: афырхы/шьашәырхы, шьашәырҳампал, абырзал – аметеорит еиха. Амца ауп арҭ рымч - "Шьашәы уҭарблааит", рҳәон, ма "Шьашәы сиблааит,сиашамзар!", ҳәа ажьаҳәала аԥсынгьари дасуан ахрыцқьараз ажьираҿы иқәуаз. Уамар Беигәа ҭырқәтәылатәи иматериалқәа рыҿгьы иуԥылоит: "Шьашәы уиҷҷит, уҭарҟәаҟәааит",ҳәа. Аԥсуа ижәытәӡатәиу аамҭақәа рҟынтә иаауа аҭәҳәақәа рҟны зегь реиҳа зыӡбахә ҳәоу ари Анцәахәы иакәзар ҟалап. Ачымазарақәа зегь збылуа, ашьхақәа ирыхцаны иахьҭарбылуа иара Шьашәы рҿы ауп. Епитетс ирымоуп абаа ду – "Шьашә баа ду урысасуп". Урҭ рҭыԥ абаагәара акәыршоуп. Ирҳәоит: "Шәашәы рбаагәара иҭасцалт", "Шьашәы ргәара дҭакуп, џырԥсала еикуршоуп, кәымыӷла иахауп". Ари аҭыԥ алапшцәгьа ахьҭарбылуа иара ачымазаҩ ихаҭа иԥырхагамхаразы, ихаҭагьы дара рҟынтә ааха имоуразы, кьыс змам сасны иӡбахә рҳәоит: "ари Шьашәы дрысасуп, Шьашәы рбаагәара дҭакуп…".

Кәасҭа Габниа Ҭинаҭ Хагәышь лҟынтә ианиҵаз аҭәҳәаҟны абас иаарԥшуп: "Амшын агәаҿы араҵыс алагылоуп. Араҵыс Ашьашәы рқәаб аҵагылоуп. Ашьашәы рқәаб агәара ишоит. Ишуа агәараҳәа иааиқәтәоит. Уара зылаԥш уаахаз, уара зымшьҭа уакыз дынхықәсыргылан дылҭасыжьит. Дызблит, дысҷит уи алаԥшцәгьа".

Шьашәы иахьимҵаныҳәо ажьира ахаҭа ныха цырҟьоуп. Аныха ишдыру еиԥш Анцәа иусӡбарҭан иԥхьаӡан аԥсуаа рдинтә культураҿы. Ажьира аҿы ақәра инаргаз ауаҩы уаанӡа амцныха ифахьазар (мцла дықәны аныха дакны ихы ҿиххьазар даҽазны анеира азин имаӡамызт азы) азҵаара ирҭон абас: "Шьашәы уканажьхьоума?!", ҳәа.

Ажьира иахылаԥшуаз ари анцәахәы ихьӡ ҳәаны ҭаацәала рхы ианақәныҳәоз, "машәыр ҳзааумган аихаԥсыхә, аихалых аҟнынтә, иаҳҳәап шәақьума, еихоума, машьыноума" рҳәон. Аха аныҳәаҩ уа даангылаӡом, иагьациҵоит: "ҳахьыҟазаалак уаҳхылаԥш аҩнгьы, адәынгьы, амҩангьы, абнаҿгьы, аӡаҿгьы, амшын аҿгьы, аҵлаҿгьы…".

© Foto / Марина БарцыцЧамагәуа Ҭемраз-иԥа Жора. Ақ. Аҷандара, 2012 ш. Марина Барцыц лҭыхымҭа.
Имҵаныҳәон, ихьӡ ианықәуан: аԥсуа традициатә динтә дунеиқәыԥшылараҿы Шьашәы иҭыԥ - Sputnik Аҧсны
Чамагәуа Ҭемраз-иԥа Жора. Ақ. Аҷандара, 2012 ш. Марина Барцыц лҭыхымҭа.

Ажәакала, аԥсуаа итрадициатәу рдинтә дунеиқәыԥшылараҿы Анцәа Ҳазшаз иаамышьҭахь амч змаз Шьашәы ауаҩы дахьыҟазаалак зылаԥш ихыз, ихылаԥшуаз аӡәы иакәны дырԥхьаӡон. Жәҩани дгьыли рыбжьара аиашара шьақәзыргылоз, ахара здыз дахьзырхәуаз ари анцәахәы ихьӡ ианықәуан. Анцәа шаҳаҭс дганы ишқәуаз еиԥшҵәҟьа "Шьашәы имаҿоуп" ҳәагьы иқәуан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0