Бганба Мишустин Урыстәыла аԥыза-министрс дахьыҟалаз идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Бганба
Валерий Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путин зкандидатура Аҳәынҭдума адепутатцәа ирыдигалаз Михаил Мишустин изы адепутатцәа реиҳараҩык рыбжьы рҭиит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Михаил Мишустин Урыстәыла аиҳабыра рхадас иҟалара идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара асаит.

"Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп Мишустин ихьӡ-иԥша, аҳәынҭқарратә усураҿы иԥышәа, уи Урыстәылатәи Афедерациа асоциал-економикатә потенциал арӷәӷәараҟны илагала духоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Валери Бганба агәыӷра ааирԥшит ҳтәылақәа рыбжьара ԥхьаҟагьы аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аҿиара роуп ҳәа, Михаил Мишустин изеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.

Аҳәынҭқарратә Дума Мишустин Урыстәыла аԥыза-министрс икандидатура иақәшаҳаҭхеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин Михаил Мишустин атәыла аԥыза-министрс дҟаиҵеит икандидатураз Аҳәынҭдумаҿы иара изы 383 депутат рыбжьы анарҭа ашьҭахь. Абжьыҭара аԥхьа Мишустин адепутатцәа дырԥылеит, аиҳабыраҟны аиҭакра дуқәа шыҟало реиҳәеит, уи аилазаареи, аструктуреи рҟны, ахьӡқәа ҳәа макьана акгьы имҳәеит. Уи аԥхьа Дмитри Медведев аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла аиҳабыра ԥхьатәара ишцо азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0