Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кара-Осман-оӷлы: сынтәа Аԥсны ашьапылампыл системак иазааҳгароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИдрис Караосман-оглы
Идрис Караосман-оглы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Идрис Кара-Осман-оӷлы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит раԥхьа иргыланы иусураҟны иҟаҵатәу ҳәа ииԥхьаӡо атәы.

Атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ажьырныҳәа 16 рзы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡаларц Идрис Кара-Осман-оӷлы. Иара диит 1979 шықәсазы Ҟазахсҭан, ахьтәы медалла далгеит Џьгьардатәи абжьаратә школ, диплом ҟаԥшьыла Ҟабарда-Балкариатәи ауниверситет, занааҭла дзиндырҩуп.

Кара-Осман-оӷлы: сынтәа Аԥсны ашьапылампыл системак иазааҳгароуп

"Иахьа Аԥсны иҟоуп 26 аспортхкы, урҭ зегьы ԥхьаҟа изго афедерациақәа роуп. Иахьанӡа аҳәынҭқарратә еилаки дареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра ыҟаӡам. Уи ҟаҵатәуп азакәан инақәыршәаны афинанстә еилагара ҟамларц азы. Аиқәшаҳаҭраҟны иарбатәуп аҳәынҭқарратә еилакы аганахьала иҟаҳҵаша, даргьы рыхәҭаахьала инарыгӡаша. Абри ала ҳусура ҳалагар ҳҭахуп.

Сынтәа ҳбиуџьет аҟны иарбоуп ашьапылампылтә хәмаррақәа  рымҩаԥгара. Ишыжәдыруа еиԥш, иҟоуп ахәыҷқәа, аиҳабацәа рлигақәа, еиуеиԥшым атурнирқәа мҩаԥысуеит, аха Аԥсны ачемпионат ахьзалыршамхаз даара ашьаҭа ҵаула амоуп. Уи ҳнапы алаҳкуеит, сынтәа ахәмаррақәа еиԥҟьарада имҩаԥысырц азы ашьапылампыл знапы алаку, абзиабаҩцәа ҳаидтәаланы системак ахь икылҳгароуп. Уаанӡа Ашьапылампыл афедерациа Аԥсны ахада иҭаҵәахтә фонд аҟынтәи аԥара роуан. Сгәаанагарала, ари асистема иашаӡам", - иҳәеит Кара-Осман-оӷлы.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0